Аҟәа Амилаҭтә сахьатә галереиа официалла иаатит

Амилаҭтә сахьатә галереиа шьаҭанкыла аиҭашьақәыргылара амҩаԥгара ашьҭахь иаатит.

Агалереиа аартра иадҳәалоу ацеремониа рхы аладырхәит Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба, Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иусбарҭа аиҳабы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко, Урыстәыла акультура аминистр ицхырааҩ Павел Карташиов.

Бадра Гунбеи Сергеи Кириенкои ацаха ҟаԥшь ԥырҟеит.

1997 шықәсазы Аԥсны Актәи Ахада Владислав Арӡынба иӡбамҭала Амилаҭтә сахьатә галереиа иазоужьын Аҟәа ақалақь, Пушкин имҩа 8 ала игылоу, ареволиуциа ҟалаанӡа аҳәса ргимназиас иҟаз ахыбра.

Араҟа иалагеит раԥхьатәи аиҭашьақәыргыларатә усурақәа, аха аԥаратә хархәагақәа разымхара иахҟьаны урҭ аамҭала иаанкылан.  Иҳаҩсыз ашықәс азы, ажьырныҳәамза 20 – 21 ауха, агалереиа аколлекциа ахьҭаҵәахыз Асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла ахыбра аҩбатәи аихагыла амца акит.  Иҟалаз абылра иахҟьаны амца иалаблит 1963 шықәса раахыс афонд аҿы еизыргоз 4000 цыра инареиҳаны асахьақәа, реиқәырхара алыршахеит 200 сахьа мацара инарзынаԥшуа.

Урыстәылатәи ареставраторцәа еиқәхаз аусумҭақәа реиҭашьақәыргыларазы ацхыраара ҟарҵеит. Асахьақәа рҟынтәи 80% аконсервациа рызун, урҭ рахьынтә Урыстәыла зеиҭашьақәыргылара аҭаху ыҟоуп.

АЖӘАБЖЬҚӘА РАРХИВ

« Ԥхынгәы 2025 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
  1 2 3 4 5 6
7 8 9 10 11 12 13
14 15 16 17 18 19 20
21 22 23 24 25 26 27
28 29 30 31      

Полезные ссылки

Амузеиқәа

Облако тэгов

АМИНИСТРРАЗЫ

Аԥсны Аҳәынҭқарра Акультура Аминистрра акультуреи, аҟазареи, аҭоурых-культуратә ҭыхна ахьчареи рус аҟны аҳәынҭқарратә политика аԥызҵо, насгьы иназыгӡо ихадоу ҳәынҭқарратә усбарҭоуп. 

АИМАДАРАҚӘА

Аҧсны Аҳәынҭқарра

384900, ақ. Аҟәа, Лакәаба им. 21

Аҭел: +7(840) 229-75-42.

E-mail: mc_ra@mail.ru

Полезные ссылки

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me
© 2018-2025 Аҧсны Аҳәынҭқарра Акультура аминистрра || Министерство культуры Республики Абхазия ||
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых публицистических, аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя.