Аԥсны ахадеи Урыстәыла ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩи амузеи аҩнуҵҟа аекскурсиа рзымҩаԥылгеит уи аиҳабы Мзиа Беииаԥҳа.
Кириенко иазгәеиҭеит амузеи Урыстәылатәи агранттә программа алахәхара шалшо, насгьы аиҭашьақәыргылареи анаҩстәи аусурақәеи рзы афинанстә цхыраара аиуразы алшара шыҟало. Уи азы адҵа хара имгакәа иҟаҵахоит.