Saterdag, 20 Рашәара 2026 14:54

Аԥсуа фильмқәа ԥшьба Псков имҩаԥысуа Жәларбжьаратәи акинофестиваль апрограмма иалагалоуп

Аԥснытәи афильмқәа ԥшьба ԥхынгәы 23-26 рзы Псков имҩаԥысран иҟоу VII Жәларбжьаратәи акинофестиваль «Мраҭашәаратәи агәашәқәа» апрограмма иалагалоуп ҳәа аанацҳауеит афестиваль апресс-маҵзура.

Иҷыдоу апрограмма «Аԥсны акино» аҟны ахәаԥшцәа ирыдыргалоит еиуеиԥшым ажанрқәеи авторцәа рабиԥарақәеи ирыҵаркуа, Аԥсны ганрацәала иаазрыԥшуа акиносахьақәа.

Апрограмма иалоу афильмқәа иреиуоуп «Х-чараки бналараки», «Иҭабуп даду аиааиразы», «Сара Махаз сыхьӡуп», «Акы уасҳәарц сҭахуп».

Иааизакны, сынтәатәи афестиваль апрограмма 100 инареиҳаны афимльқәа алахәуп. Ахәаԥшцәа, иара убасгьы, ирзыԥшуп аицлабратә хәаԥшрақәа, аԥхьарбарақәа, аҟазаратә еиԥыларақәа, афильмқәа рыхцәажәара уҳәа егьырҭ акультуратә усмҩаԥгатәқәагьы.

Read 36 times Last modified on Maandag, 22 Рашәара 2026 14:59

АМИНИСТРРАЗЫ

Аԥсны Аҳәынҭқарра Акультура Аминистрра акультуреи, аҟазареи, аҭоурых-культуратә ҭыхна ахьчареи рус аҟны аҳәынҭқарратә политика аԥызҵо, насгьы иназыгӡо ихадоу ҳәынҭқарратә усбарҭоуп. 

АИМАДАРАҚӘА

Аҧсны Аҳәынҭқарра

384900, ақ. Аҟәа, Лакәаба им. 21

Аҭел: +7(840) 229-75-42.

E-mail: mc_ra@mail.ru