Vrydag, 26 Рашәара 2026 17:15

Аԥсны имҩаԥысран иҟоу Ахәыҷтәы фестиваль ду «АФД «ЭХО» ахәыҷтәы спектакльқәа хәба алалеит

«АФД «ЭХО» — Урыстәыла Жәлар рартист Сергеи Безруков инапхгарала ахәыҷқәеи ахбыџқәеи рзы аҟазара иафестивальуп. Аҟәа афестиваль мҩаԥысраны иҟоуп ԥхынгәы 6-10 рзы.

 

Аԥсны имҩаԥысран иҟоу Ахәыҷтәы фестиваль ду жәларбжьаратәи апрограмма «АФД «ЭХО» ахәыҷтәы спектакльқәа хәба алалеит.

Ахәаԥшцәа ирбоит Москва, Воронеж, Ниаган, Омск ртеатрқәа рықәыргыламҭақәа. РУСДРАМ аҿы апрограмма аанартуеит Москватәи Агуберниатә театр алакә «Апринц хәыҷы», ароль хада наигӡоит Сергеи Безруков.

Аспектакльқәа руак Афон ҿыц Акультура ахан аҿы иддырбоит ҳәа азгәеиҭеит РУСДРАМ адиректор хада Иракли Хынҭәба.

Афестиваль апрограммаҿы иара убасгьы иҟоуп хәыда-ԥсада АФД алауреатцәа рҭыхымҭа киноқәеи амультфильмқәеи дырбара. Урҭ мҩаԥгахоит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҿы. Иара убасгьы имҩаԥысраны иҟоуп асценатә неиҭаҵ-ааиҭаҵреи, акәашареи, авокали рзы атренингқәеи аҟазара-классқәеи, абжьы аҿиаразы аҽазыҟаҵарақәеи.

Ацәыргақәҵатә зал хадеи РУСДРАМ-и еиҿыркаауеит ахәыҷтәы шәҟәыҩҩцәеи, асахьаркыҩцәеи злахәу арҿиаратә еиԥыларақәеи аҟазарҭақәеи. Изҭаху рзы аусмҩаԥгатәқәа рҭаара хәыдаԥсадоуп.

Read 39 times Last modified on Vrydag, 26 Рашәара 2026 17:31

АМИНИСТРРАЗЫ

Аԥсны Аҳәынҭқарра Акультура Аминистрра акультуреи, аҟазареи, аҭоурых-культуратә ҭыхна ахьчареи рус аҟны аҳәынҭқарратә политика аԥызҵо, насгьы иназыгӡо ихадоу ҳәынҭқарратә усбарҭоуп. 

АИМАДАРАҚӘА

Аҧсны Аҳәынҭқарра

384900, ақ. Аҟәа, Лакәаба им. 21

Аҭел: +7(840) 229-75-42.

E-mail: mc_ra@mail.ru