Dinsdag, 07 Ԥхынгәы 2026 14:22

Алиса Гыцба V Жәларбжьаратәи лмузыкатә еицлабра-лабораториа «Амузыка — абжьаӡареи аҳәааи змам адиалог» алахәхаразы азыҳәақәа рыдкылара аартуп

Алахәхаразы ааԥхьара рымоуп 18 шықәса инаркны 45 шықәса рҟынӡа зхыҵуа ашәаҳәаҩцәа. Аицлабраҿы аиааира згаз аԥаратә ҳамҭақәа рыҭахоит, иара убас Урыстәылеи Аԥсни рықалақьқәа рҿы агастрольтә тур алахәхаразы алшара роуеит, рырҿиаратә портфолио арҭ ақәгыларақәа рыла ихаҭәаахоит.

Аицлабра-лабораториа аԥҵаҩыс дамоуп Урыстәылатәи Афедерациа зҽаԥсазтәыз артистка, Аԥсны жәлар рартистка, «Ахьӡ-аԥша» аорден II аҩаӡара занашьоу, Москватәи амузыкатә театр «Геликон-опера» асолистка Алиса Гыцба.

Апроект академиатә музыкатә ҟазара аганахьала абаҩхатәра злоу ашәаҳәаҩцәа ҿарацәа ралыԥшаареи адгылара рыҭареи иазкуп. Аицлабратә программа адагьы алахәылацәа ирзыԥшуп иналукааша Урыстәылатәи аспециалистцәа рмастер-классқәа рыла ишьақәгыло арҵаратә программа.

Аицлабра мҩаԥгахоит 2026 шықәса жьҭаарамзазы Москва. Алахәылацәа еицлаблоит х-номинациак рыла: «Асолотә оператә шәаҳәара», «Акамертә вокалтә шәаҳәара», «Аккомпанименттә ҟазара».

V Жәларбжьаратәи амузыкатә еицлабра-лабораториа мҩаԥысуеит акционертә еилазаара «Росатом Енергосбыти» Аԥсны анапхгареи рыцхыраарала. Азыҳәақәа рыдкылара мҩаԥыслоит 2026 шықәса цәыббрамза 30 рҟынӡа.

Инарҭбааны шәаԥхьар шәылшоит асаит gitsba-competition.com аҿы.

 

Read 16 times

АМИНИСТРРАЗЫ

Аԥсны Аҳәынҭқарра Акультура Аминистрра акультуреи, аҟазареи, аҭоурых-культуратә ҭыхна ахьчареи рус аҟны аҳәынҭқарратә политика аԥызҵо, насгьы иназыгӡо ихадоу ҳәынҭқарратә усбарҭоуп. 

АИМАДАРАҚӘА

Аҧсны Аҳәынҭқарра

384900, ақ. Аҟәа, Лакәаба им. 21

Аҭел: +7(840) 229-75-42.

E-mail: mc_ra@mail.ru