Аколлективқәеи ахеидкылақәеи

Аколлективқәеи ахеидкылақәеи

Аԥсны зҽаԥсазтәыз Аҳәынҭқарратә жәлар рышәаҳәареи рыкәашареи рансамбль Аԥсны аколлективқәа ирылукааша ируакуп.

1993 шықәсатәи ақырҭуа-аҧсуа еибашьраан зынхарҭа ҭыҧқәа ааныжьны ицаз ахҵәацәа Пицунда апансионат аҟны инхон. Адуцәа рлахьынҵа рыцеиҩыршон аамҭала зхәыҷра гәырҕьахә зцәыӡны иҟаз, аибашьра ашәаӡыӡара иҭанаргылаз ахәыҷқәагьы. Ахәыҷқәа ашәареи рыкәша-мыкәша иҟаз аҭагылазаашьа хьанҭеи иацәызыхьчоз, ирхазыршҭуаз акәны иҟалеит убасҟан иаҧҵаз акәашаразы агәыҧ хәыҷы. Абас аибашьра ашықәсқәа раан иит ансамбль «Абаза». 

1996 шықәсазы «Абаза» раҧхьаӡакәны Аҧсны анҭыҵ гастроль ҳасабла ицоит Москватәи аобласт Раменское ақалақь, афестиваль «Акан – 96» аҽалархәразы. Ара аконкурс иалауреатхоит, Гран-пригьы аиуеит. 

Аҧсны аҳәынҭқарратә хортә капелла еиҿкаан 1969 шықәсазы акомпозитор Чычба А. Ч. иаҧшьгарала. Иеиуеиҧшым аамҭақәа рзы акапелла адирижиорцәас иҟан Чычба А. Ч., Гәымба Р. Д., Аиба В., М., Дмитриак Г. А., Судаков В. А., Ҷанба Н. В.

1974 ш. Аҧсны акапелла асахьаркыратә напхгаҩыси дирижиор хадаси даҭан аҧсуа профессионалтә хортә музыка аҿиараҟны злагаламҭа дуу Москватәи адирижиор Судаков В. А. В. Судаков анапхгараҟны 10 шықәса иҟазаара аҩныҵҟала акапелла арепертуар ҭбаахоит. Уи иалалоит иеиуеиҧшым астильқәеи аамҭақәеи раҧҵамҭақәа – XVI-XVII ашә. ажәытә музыка Шуберт, Моцарт, Бетховен раҧҵамҭақәа инадыркны аҧснытәи акомпозиторцәа раҧҵамҭақәа, аҧсуа жәлар рашәақәа, ажәытә аҧсуа шәаҳәарақәа. В. Судаков инапхгарала акапелла аколлектив изныкымкәа гастроль ҳасабла ицахьан ҧасатәи Асовет Еигыла ақалақьқәеи ареспубликақәеи рахь, лымкаала ақлақьқәа Москва, Ленинград, Прибалтика ареспублика.

XX ашә. 30-тәи ашықәсқәа рзы абаҩхатәра змаз амузыкант К. Ковач ибзоурала иаҧҵан Аҧсны Аҳәынҭқарратә симфониатә оркестр. Уи иара раҧхьатәи дирижиорсгьы дыҟан. Абри инаркны аҧсуа жәлар рыпрофессионалтә музыка аҿиара хацыркхоит.

Акомпозитор иеизигоз аҧсуа музыкатә фольклор шьаҭас иаҭаны, иаҧҵахо иалагоит аклассика инаваргыланы оркестр арепертуар шьақәзыргылоз арҿиамҭақәа.

Асимфониатә оркестр аконцерттә усураҟны активла иалахәуп Аҟәа ақ. амузыкатә техникум астудентцәа – авокалистцәа аинструменталистцәа. Аҧсны Жәларкомиссариат ахантәаҩы Н. Лакоба иааҧхьарала Москвеи Ленингради ақалақьқәа рыҟнытә иаауеит апрофессионалтә музыкантцәа. Аоркестр дирижиорс даман, уи арҿиаратә хырхарҭа шьақәзыргылоз СССР жәлар рартист О. Димитриади.

1937 ш. арепрессиақәа ирыхҟьаны К. Ковач Аҧсны дықәҵны дцар акәхоит, усҟан аколлективгьы хыбгалеит.

Леон и-Орден занашьоу Е. Бебиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә жәлар рыкәашаратә ансамбль «Шьараҭын» – Аԥсны Аҳәынҭқарреи уи анҭыҵи еицырдыруа коллективуп.

АЖӘАБЖЬҚӘА РАРХИВ

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

Полезные ссылки

Амузеиқәа

Облако тэгов

АМИНИСТРРАЗЫ

Аԥсны Аҳәынҭқарра Акультура Аминистрра акультуреи, аҟазареи, аҭоурых-культуратә ҭыхна ахьчареи рус аҟны аҳәынҭқарратә политика аԥызҵо, насгьы иназыгӡо ихадоу ҳәынҭқарратә усбарҭоуп. 

АИМАДАРАҚӘА

Аҧсны Аҳәынҭқарра

384900, ақ. Аҟәа, Лакәаба им. 21

Аҭел: +7(840) 229-75-42.

E-mail: mc_ra@mail.ru

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me
© 2018-2024 Аҧсны Аҳәынҭқарра Акультура аминистрра || Министерство культуры Республики Абхазия ||
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых публицистических, аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя.

ВНИМАНИЕ !

На вашем аккаунте имеется задолженность ! 

Обслуживание и функционирование сайта www.minkult.apsny.land будет приостановлено 31 мая 2024г.

За дополнительной информацией обращайтесь к администратору сайта.