Print this page

Рауф Лакоба изку ацәыргақәҵа ҟалоит Аҟәа

23 Рашәара 2022 215

Рауф Лакоба Аԥсны иналукааша аполитикатә усзуҩ Нестор Лакоба диԥан. Иаб данҭадырха ашьҭахь дырбаандаҩын.

Рашәара 28 рзы Аҟәа иаатуеит Рауф Лакоба диижьҭеи 100 шықәса аҵра иазку ацәыргақәҵа.

Ауснагӡатә аадыртуеит асааҭ 13:00 рзы, аԥсуа политик дахьынхоз аҩны ахыбраҿы (Лакоба имҩа, №32).

 

Нестор Лакоба даныршь ашьҭахь ажәлар раӷа ҳәа ахьӡ ихырҵеит. 1937 шықәсазы дырбаандаҩын 15 шықәса зхыҵуаз Рауф. Иара ицҭакын «Аԥсуа рԥарцәа рус» иаҵадыркыз Николаи Лакоба, Ҭенгиз Лакоба, Николаи Иналиԥа. 13-15 шықәса зхыҵуаз аҷкәынцәа аконтрреволиуциатә террористтә ус рнапы алакын ҳәа ахара рыдҵан. Рашәара 27 1941 шықәсазы дыршьит Николаи Иналиԥа, рашәара 28 рзы – егьырҭ иаанхаз.

Last modified on Donderdag, 23 Рашәара 2022 12:19