Print this page

Т. Шь. Аџьба ихьӡ зху ахәыҷқәеи ақәыԥшцәеи ирызку аҳәынҭқарратә литературатә премиа анашьаразы арзаҳалқәа ралаҵара аҿҳәара хыркәшоуп

Т. Шь.  Аџьба ихьӡ зху ахәыҷқәеи ақәыԥшцәеи ирызку аҳәынҭқарратә литературатә премиа аԥҵаҩыс иҟоуп Аԥсны Аҳәынҭқарра Акультура Аминистрра, имҩаԥгахоит хы-шықәса рахьынтә знык.

Аԥҟара инақәыршәаны, Т. Шь. Аџьба ихьӡ зху ахәыҷқәеи ақәыԥшцәеи ирызку аҳәынҭқарратә литературатә премиа анашьаразы арзаҳалқәа ралаҵара аҿҳәара хыркәшоуп. Апремиа анашьаразы акомиссиа ашҟа инашьҭын х-усумҭак:

  1. Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҵареи абызшәатә политикеи рминистрра иқәнаргылеит Т. Шь. Аџьба ихьӡ зху апремиа аиуразы апоет Заира Ҭҳаиҵыкәԥҳа ахәыҷтәы журнал «Амцабз» №3 2019 ш., №№4-5 2020 ш., №№4-5 2021 ш. ианылаз лажәеинраалақәа.
  2. Аредакциа ажурнал «Алашара» Т. Шь. Аџьба ихьӡ зху апремиа аиуразы иқәнаргылеит апоет Гәында Сақаниаԥҳа лажәабжь кьаҿқәа «Ажәҵыси ахәлыԥҵыси» захьӡу аж. «Алашара» №3 2020 ш. ианылаз.
  3. Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла Т. Шь. Аџьба ихьӡ зху апремиа аиуразы иқәнаргылеит апоет Гәында Кәыҵниаԥҳа лажәеинраалақәа аж. «Амцабз» №2 2020 ш. ианылаз.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Акультура Аминистрра ишьақәнарӷәӷәаз аԥҟара инақәыршәаны, апремиа аиуразы акомиссиа алшара рымоуп иқәыргылоу арҿиамҭақәа рыхәаԥшра, реилыргара, уи ашьҭахь имҩаԥгахоит маӡалатәи абжьыҭира.

Last modified on Woensdag, 03 Нанҳәа 2022 16:45