Print this page

«Ақыҭа – ҳара ҳԥеиԥш»

Аԥсны Акультура аминистрреи Аҟәа ақалақь ахадара акультура аусбарҭеи ихацдыркит апроеқт ҿыц «Ақыҭа – ҳара ҳԥеиԥш».

Апроеқт хықәкыс иамоуп аԥсуа доуҳатә культура ақыҭақәа рҟны аларҵәара, ақыҭақәа ҳреспубликаҟны имҩаԥысуа акультуратә ԥсҭазаара ралархәра, ауааԥсыра ргәалаҟазаара ашьҭхра.

Ари апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны, нанҳәа 24 аҽны Акәасқьа ақыҭан еиҿкаан раԥхьатәи аконцерт, аԥсуа аестрадатә, аопреатә шәаҳәаҩцәа алархәны.

Ас еиԥш иҟоу апроеқтқәа ирыцҵахоит ҳаԥхьаҟагьы.

 

Last modified on Vrydag, 07 Жьҭаара 2022 10:57