Print this page

Даур Ақаҩба Лиудмила Гәымԥҳа лиубилеи лыдиныҳәалеит

Аԥсны Аҳәынҭқарра акультура аминистр Даур Ақаҩба Аԥсны жәлар рартист Лиудмила Гәымԥҳа лиубилеи лыдиныҳәалеит:

«Ҳаҭыр зқәу Лиудмила Хьыцкәыр-иԥҳа!

Гәык-ԥсык ала ишәыдаҳныҳәалоит шәиубилеи. Зыԥсҭазаара зегьы ашәаҳәара иадызҳәалаз, ажәлар зегьы бзиа еицырбо ашәаҳәаҩ, шәара шәгылан аԥсуа естрадатә ҟазара ахыҵхырҭаҿ, шәыхьӡ уи аира наунагӡа иадҳәалоуп. Шәрепертуар зегьы шьақәгылоуп аԥсуа ашәақәа рыла, урҭ ирнубаалоит аԥсуа жәлар ргәыхь, рхьаа, ргәырӷьара, рыԥсҭазаара. Агәыԥ «Аԥсны-67» шәаланы, шәара гастроль ҳасабла Асовет ҳәынҭқарра адгьылҿацәқәа зегьы шәырҭааит, иара убас аҳәаанырцәтәи аҳәынҭқаррақәа жәпакы, шәахьыҟазаалак аԥсуа шәаҳәаратә ҟазара, аԥсуа культура ӡырыжәгон.

Шәҟазаратә мҩа иалагӡаны инашәыгӡахьеит имаҷымкәа ашәақәа, анаҩс аԥсуа естрадатә классика иахыԥхьаӡалахаз. «Амҳаџьыраа ргарашәа», «Сашьцәа» – дыҟамзар ҟалап ԥсыуак, арҭ ашәа гәыҭшьаагақәа змаҳац, иззымдыруа, згәаҵаҿы имнеиц.

Абаҩхатәра ду змоу ашәаҳәаҩ, шәааԥсарақәа зегьы хәҳаракыла ишьоуп – шәара ишәанашьоуп иреиҳаӡоу ахьӡ «Аԥсны жәлар рартист» ҳәа, «Ахьӡ-Аԥша» II аҩаӡара, Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа.Иахьагьы шәыбжьы хаа ҳестрада абзиабаҩцәа ргәы ҟанаҵоит.

Ҩаԥхьа шәиубилеи шәыдныҳәало, ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, аманшәалара, ашықәснҵыра рацәа.

Шьардаамҭа аԥсуа сцена шәагымзааит».