Print this page

Аԥсны Аҳәынҭқарра Акультура Аминистрра Виолетта Маанԥҳа лиубилеи лыдырныҳәалеит

26 Хәажәкыр 2024 51

Аԥсны Аҳәынҭқарра Акультура Аминистрра лиубилеи лыдырныҳәалеит Аԥсны жәлар рартист, «Ахьӡ-Аԥша» аорден II аҩаӡара занашьоу Виолетта Маанԥҳа.

Адныҳәалараҿы иаҳәоит:

«Ҳаҭыр зқәу Виолетта Владимир-иԥҳа!

Гәык гәык-ԥсыкала ишәыдаҳныҳәалоит шәиубилеи!

Шәара артистцәа рҭаацәараҿы шәиит, уи, хымԥада, ианымԥшыр ауамызт шәыԥсҭазааратә мҩа. Шәыхәҷы аахыс аҟазара шәшьа-шәда иалан. Ашәаҳәара, акәашара, актиортә ҟазара – иарбан аҟазара хырхарҭа шәара ишәықәымҿиоз. Жәаф шықәса шышәхыҵуаз шәара ишәыхҵан «Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист» ҳәа ахьӡ ҳаракы. Аламала имаҷуп аҟазацәа, ишқәыԥшу ас еиԥш иҟоу ахьӡ ҳаракы занаршьахьоу.

С. Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр актриса лаҳасаб ала шәара иаԥышәҵеит ахаҿсахьақәа рацәаны еиуеиԥшым ақәыргыламҭақәа рҟны – Дездемона (Шеқспир ипиеса «Отелло» аҟны), Генриетта («Аҳәынҭқар ҟьантаз», Е. Шварц), Наала («Аламыс», А. Мықәба), Анхәа лроль («Ишьаарҵәыроу ачара», Г. Лорка), иара убас инашәыгӡон арольқәа афильмқәа рҿы – «Хҭырԥа шкәакәа», «Амзаҿа ангыло ауха», «Иԥшьоу ажьира асаркьал» уҳәа убас егьырҭгьы. Иарбан рользаалак шәара инашәыгӡо ҭакԥхықәрала шәазнеиуеит, ахәаԥшҩы игәы иҭымҵәо иаанхоит. Шәара ишәырҳаит ахәаԥшҩы ибзиабара. Шәыхьӡ хьтәы нбанла аԥсуа театр аҭоурых ианылеит.

Ишәзеиӷьаҳшьоит агәабзиара, аманшәалара, ақәҿиара дуқәа ҩаԥхьагьы! Шьардаамҭа шәҳагымазааит!».

Last modified on Dinsdag, 26 Хәажәкыр 2024 14:59