АҴАРАДЫРРА

АҴАРАДЫРРА

Аҟәатәи акультура-лашаратә ҵараиурҭа аԥҵан 1956 шықәсазы Қарҭтәи Акультура аминистрра иаҵанакуаз Қарҭтәи акультура-лашаратә ҵараиурҭа филиалк аҳасаб ала 11-тәи ақырҭуа бжьаратә школ ахыбраҟны. Усҟан аҵараиурҭаҟны иаартын х-ҟәшак: «Ахореографиа», «Ахоро-дирижиортә ҟәша», «Абиблиотекатә ҟәша». Директорс даҭан Аԥснытәи АССР зҽаԥсазтәыз арҵаҩы Анатоли Семион-иԥа Қаԥшь. Анаҩс аҵараиурҭа Аԥснытәи АССР Акультура аминистрра иадырҵеит.

1968 шықәсазы аҵариурҭа ҭыӡҭыԥс иазалхын 12-тәи абжьаратә школ ахыбра Маиак араион аҟны. Араҟа аус ауан 1992 шықәсанӡа.

60-тәи ашықәсқәа ралагамҭаз Ахородирижиортә ҟәша адыркит, уи ацымхәрас иаадыртит жәлар ринструментқәа рансамбль аҟәша.

1970 шықәсазы аҵараиурҭа ахореографиатә ҟәша шьаҭас иҟаҵаны иаԥҵан Аҳәынҭқарратә акәашаратә ансамбль «Шьараҭын». Ансамбль напхгаҩыс дарҭеит уи аԥызҵаз ГИТИС аужьҭымҭа, аҵараиурҭа арҵаҩы Едуард Уаҳаид-иԥа Бебиа. Анаҩс уи ихҵан аҳәынҭқарратә ахьӡ ҳаракқәа – Аԥсны зҽаԥсазтәыз арҿиаҩы, Аԥсны жәлар рартист.

1975 шықәсазы, Қаԥшь А. С. иԥсҭазаара даналҵ, аҵариурҭа диреқторс дарҭеит Едуарҭ Уаҳаид-иԥа Бебиа.

1976 шықәсазы аҵараиурҭаҟны жәлар ринструментқәа рыҟәшаҟны иаԥҵан аҭыԥҳацәа рвокалтә-инструменталтә ансамбль. Напхгаҩысгьы даман аҵараиурҭа арҵаҩы, анаҩс жәлар рартист ҳәа ахьӡ ҳаракы зыхҵаз Роза Расим-иԥҳа Чамагәуаԥҳа.

1992-1993 шықәсазтәи Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьраан аҵараиурҭа ааха ӷәӷәа аиуит, идырбгеит ахыбра, ирблит адокументациа. Иреиӷьыз аҵараиурҭа аҵаҩцәеи аужьҭымҭацәеи аԥсадгьыл ахьчаҩцәа ирылагылеит. 16 ҩык аҵаиурҭа астудентцәа аибашьраҟны иҭахеит, аӡәырҩы иранашьоуп аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа.

Аибашьра анынҵәа ашьҭахь аҵараиурҭа ииаган ахәыҷтәы баҳча «Наргеви» ахьыҟаз ахыбрахь (Воронов имҩаду, 40). Ақалақь анапхгара ақәҵарала 2000 шықәсазы ахыбреи уи иаҵанакуа адгьылҵакыреи аҵараиурҭа иахатәны иҟалеит. 1993 шықәса инаркны аҵараиурҭа аусура хацнакрит ахыбра ҿыц аҟны. Диреқторс дарҭеит Аршба Алықьса Николаи-иԥа. 1996 шықәса ноиабр мза инаркны иахьа уажәраанӡа аҵараиурҭа напхгара азылуеит Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Сира Михаил-иԥҳа Аҩӡԥҳа.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа Реилазаара ақәҵарала маи 20, 2008 шықәсазы Аҟәатәи аҵара-лашаратә ҵараиурҭа ахьӡ ԥсахын аҳәынҭқарратә аҵараиурҭатә усбарҭа «Аҟәатәи аҳәынҭқарратә акультура ҵараиурҭа» ҳәа.

Аҵараиурҭа аус ауанаҵы, иазыҟаҵан 3000 ҩык инареиҳаны аспециалистцәа. Урҭ рхыԥхьаӡараҟны иҟоуп 50 Аԥсны зҽаԥсазтә артистцәа, жәлар рартистцәа, аҟазара зҽаԥсазтәыз. 30 ҩык аҵариурҭа аужьҭымҭацәа иахьа еиуеиԥшым ансамбльқәа напхгара рзыруеит. Аужьҭымҭақәа аус руеит Аԥсны аҳәынҭқарратә аҟазаратә хеилакқәа зегьы рҟны. 2016 шықәсазы аҵараиурҭа ааӡамҭа Ҷкотуаԥҳа Кристина Ваганова лыхьӡ зху Санкт-Петербургтәи Аурыс балет академиа ашҟа дрышьҭит. Кристина лыԥхала аԥышәарақәа лҭиит, дахыԥхьаӡалан академиа 1-тәи акласс аҵаҩыс. Ари раԥхьатәи шьаҿоуп Аԥсны апрофессионалтә балет аҿиаразы.

2016 шықәсазы Р. Гәымба ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә филармониаҟны жәлар роркестр аҟәша аҵаҩцәа алархәны иаԥҵан О. Хәынҵариа ихьӡ зху жәлар ринструментқәа роркестр. Аоркестр сахьаркыратә напхгаҩыс дамоуп Аԥсны зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩы Денис Арухаа.

Иахьагьы акультура аҵараиурҭа арҵаҩцәа еицҿакны, рымч, рылша иамеигӡакәа аус руеит иаԥсоу аҿар рааӡаразы. 2010-2017 шықәса рыҩнуҵа аҵараиурҭаҟны аҵара рҵон 251-ҩык аҵаҩцәа, аужьҭымҭацәа – 95-ҩык. Арҵаҩцәа рхыԥхьаӡара наӡоит 32-ҩык рҟынӡа.

Иара убас акультура аҵараиурҭаҟны ахәыҷқәа рзы иаартуп акәашареи жәлар ринструментқәеи рышкол.

Аҵараиурҭа аҭыӡҭыԥ: ақ. Аҟәа, Воронов имҩа, 40, аҭел: +7940-226-27-11

 

АМИНИСТРРАЗЫ

Аԥсны Аҳәынҭқарра Акультура Аминистрра акультуреи, аҟазареи, аҭоурых-культуратә ҭыхна ахьчареи рус аҟны аҳәынҭқарратә политика аԥызҵо, насгьы иназыгӡо ихадоу ҳәынҭқарратә усбарҭоуп. 

АИМАДАРАҚӘА

Аҧсны Аҳәынҭқарра

384900, ақ. Аҟәа, Лакәаба им. 21

Аҭел: +7(840) 229-75-42.

E-mail: mc_ra@mail.ru

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me
© 2018-2024 Аҧсны Аҳәынҭқарра Акультура аминистрра || Министерство культуры Республики Абхазия ||
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых публицистических, аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя.