А. Чачба ихьӡ зху Аҟәатәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭа

Ганрацәалатәи аҵараиура аҵакы ду аҭаны, аҭауад, раҧхьатәи аҧсуа профессионалтә сахьаҭыхҩы А. Чачба-Шервашиӡе 1918 ш. Аҟәа ақ. аҟны иааиртит асахьаҭыхратә школ, ара уи асахьаҭыхра амаҭәар дырҵарагьы далагоит. Асахьаҭыхратә школ ыҟан 1921 шықәсанӡа иара Аҧсны дыҟанаҵ. 1934 ш. Аҟәа ақ. асахьаҭыхратә школ аҩынтәраан иеиҭаартын. Уи аҧҵара аҧшьигеит Аҧсны Жәлар ркомисаариат ахантәаҩы Н. Лакоба, аидеиа аҧсҭазаара иаларҵәан Петербург асахьаҭыхра акадамеиа апрофессор Иу. Сегальи асахьаҭыхҩы Л. Невскии. Ара раҧхьатәи рҵаҩцәас аус руан аҵара ду змаз ауаа. Урҭ рыҩныҵҟа иҟан С. Данилевски, академиатә сахьаҭыхртә ҵараиура змаз Париж ақ. аҟны аус зуаз, Б. Петров, И. Гороховцев, В. Контарев, В. Европина. Анаҩс ашкол хәышықәсатәи апрофессионалтә ҵараиурҭаны иҟаҵан. Факультет хаданы иҟан – аҿыханҵа. Ара ирҵоит аскульптура, аграфика, азеиҧшҵараиуратә маҭәарқәа.

1941 ш. аҵариурҭа аркхоит.

1966 ш. Аҧсны акультура аминистрра аҧшьгарала еиҭа иаҧҵоуп асахьаркыратә ҵараиурҭа Н. Табукашвили дахаргыланы. 1968 ш. инаркны аҵараиурҭа напхгара арҭоит С. Габелиа, К. Ахба, В. Лакрба, З. Аџьынџьал. Ара иҟоуп афакультетқәа – арҵаҩратә, аҵла сахьаркырала аус адулара, акерамика. Арҵаҩра аус мҩаҧыргоит иеицырдыруа асахьаҭыхҩцәа – Хә. Аҩыӡба, З. Аџьынџьал, Иу. Ҷкадуа, П. Кульчицки, С. Габелиа уб. егь.

1970 ш. аҵараиурҭа аҧхьатәи астудентцәа аушьҭын, убасҟан иеиҿкаан ақалақь аҟны астудентцәа русумҭақәа раҧхьатәи рцәыргақәҵа. Абри ашықәс азы иаатуеит аҟәша ҿыцқәа – аскульптуреи сахьала аиқәыршәареи аҟәша.

Арҵаҩра аус мҩаҧыргоит асахьаҭыхҩцәа Е. Котлиаров, В. Ҵәыџьба, А. Коган, В. Хәырхәмал, А. Донченко уб. егь. Абри аамҭазы астудентцәа рхыҧхьаӡара 120–ҩык рҟынӡа инаӡоит. 1977 шықәсазы Астудентцәа рцәыргақәҵа аекспозициа 200 усумҭа иреиҳауп.

Иеиуеиҧшым аамҭақәа раан аҵараиурҭа напхгара арҭоит С. Логәуа, З. Шармаҭ, Л. Џьопуа. 1988 ш. аҵараиурҭа аиҳабы В. Лакрбеи арҵаҩы асахьаҭыхҩы В. Хәырхәмалԥҳаи ирыбзоураны акерамика аҟәша астудентцәа ироуеит алшара Урыстәыла асахьаркыратә напкымҭақәа рцентрқәа рыҟны рдипломтә усумҭақәа рынагӡара.

1992-1993 шш. Ақырҭуа-аҧсуа еибашьраан аҵараиурҭа еимырҵәоит. Ақалақь анҭадырцәы уи аиҭашьақәыргылара аамҭа хьанҭақәа раан еиҭаҿыхара иалагоит. Усҟан напхгара азиуеит В. Лакрба, 2003 ш. инаркны – В. Ҵәыџьба. Абри ашықәс аахыс аамҭа-аамҭала ахыбра аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ирылагоит. 2005 ш. инаркны иахьа уажәраанӡа А. Чачба ихьӡ зху асахьаҭыхратә ҵараиурҭа напхгара аиҭоит иеицырыдруа аскульптор А. Адлеиба. Аус руеит аҟәшақәа: асахьаҭыхра-керамикатә, аҿыханҵа, асахьаркыратә керамика, аскульптура, ашәҵатәы адизаин.

Last modified on Dinsdag, 02 Мшаҧы 2019 13:59

АМИНИСТРРАЗЫ

Аԥсны Аҳәынҭқарра Акультура Аминистрра акультуреи, аҟазареи, аҭоурых-культуратә ҭыхна ахьчареи рус аҟны аҳәынҭқарратә политика аԥызҵо, насгьы иназыгӡо ихадоу ҳәынҭқарратә усбарҭоуп. 

АИМАДАРАҚӘА

Аҧсны Аҳәынҭқарра

384900, ақ. Аҟәа, Лакәаба им. 21

Аҭел: +7(840) 229-75-42.

E-mail: mc_ra@mail.ru

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me
© 2018-2024 Аҧсны Аҳәынҭқарра Акультура аминистрра || Министерство культуры Республики Абхазия ||
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых публицистических, аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя.