Аконцерттә залқәа

Аконцерттә залқәа

1975 ш. Пицундатәи аныхабаа азал аҟны ишьақәыргылан Германиатәи адемократиатә республика афирма «А. Шуке» аҟны иҟаҵаз аорҕан. Раҧхьатәи анагӡаҩцәаны иҟан Леипцигтәи аконсерваториа апрофессор Х. Кестнер, ац. Томас ихьӡ зху Леипцигтәи аныхабаа аорҕанарҳәаҩы В. Шетелих.

1976 ш. инаркны есқьынагьтәи орҕанарҳәаҩны дыҟоуп И. Бах ихьӡ зху Леипцигтәи аконкурс адипломант Гарри Кониаев. 80-тәи ашықәсқәа рзы урҭ инарываргыланы иқәгылоит аорҕанарҳәаҩцәа Н. Седуни Л. Галустиани.

1977 ш. аныхабааҟны есышықәса имҩаҧысуеит аорҕантә музыка цәыббразтәи афестивальқәа. Урҭ реиҿкаара аҧшьыргоит П. И. Чаиковски ихьӡ зху Москватәи аконсерваториа апрофессор Л. Роизман. Афестивальқәа ирылахәуп иеицырдыруа амузыкантцәа – аорҕанарҳәаҩцәа – В. Шетелих (Германиа), О. Ианченко, Г. Гродберг, Д. Дигрис, Б. Василиаускас, Х. Лепнурм, Г. Козлова убас егьырҭгьы. Арҭ афестивальқәа инарываргыланы 1985 ш. инадыркны имҩаҧысуеит акамертә музыка афестивальқәа «Уахынлатәи асеренадақәа»,1988 ш. инаркны – Аҧсны Аҳәынҭқарратә хортә капелла асахьаркыратә напхгаҩы, адирижиор Н. Ҷанба иеиҿикааз аҟазара аҟазацәа злахәу аклассикатә музыка аҧхынтәи афестиваль.

Аҧснытәи Аҳәынҭқарратә филармониа Аҧсны акультура ижәытәӡоу аусбарҭақәа ируакуп. Иҳаҩсыз ашәышықәса 40-тәи ашықәсқәа рзы иаҧҵаз афилармониа заҧҵамҭақәеи зҟазареи рыҟны иреиҕьу жәлар рытрадициақәа зныҧшыз арҿиаратә коллективқәа, акомпозиторцәа, ашәаҳәаҩцәа русура ахьымҩаҧысуаз центрк иаҩызан.

Аҧснытәи афилармониа ақалақь агәҭаны иҟоуп, уи иара аҭыҧ пшӡарақәа иреиуоуп, иеицырдыруа аҧсуа композитор Р. Гәымба ихьӡ ахуп. Афилармониа асценаҟны иқәгылон иналукааша аҟазара аусзуҩцәа, Аҧсны, Урыстәыла, ҧасатәи Асовет Еидгыла Ареспубликақәа рырҿиаратә коллективқәа.

Аҧснытәи Аҳәынҭқарратә филармониаҟны иаҧҵоу аҭыҧҳацәа рвокал-инструменталтә ансамбль «Гәында» аҧсуа жәлар ринструментқәа аҩымаа, ахымаа, аҧхьарца, адал, ачамгәыр ахьадырҳәо апрофессионалтә коллективқәа ируакуп.

АЖӘАБЖЬҚӘА РАРХИВ

« Мшаҧы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30          

Полезные ссылки

Амузеиқәа

Облако тэгов

АМИНИСТРРАЗЫ

Аԥсны Аҳәынҭқарра Акультура Аминистрра акультуреи, аҟазареи, аҭоурых-культуратә ҭыхна ахьчареи рус аҟны аҳәынҭқарратә политика аԥызҵо, насгьы иназыгӡо ихадоу ҳәынҭқарратә усбарҭоуп. 

АИМАДАРАҚӘА

Аҧсны Аҳәынҭқарра

384900, ақ. Аҟәа, Лакәаба им. 21

Аҭел: +7(840) 229-75-42.

E-mail: mc_ra@mail.ru

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me
© 2018-2024 Аҧсны Аҳәынҭқарра Акультура аминистрра || Министерство культуры Республики Абхазия ||
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых публицистических, аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя.