Пицундатәи аныхабаа Аҳәынҭқарратә аконцерттә зал

1975 ш. Пицундатәи аныхабаа азал аҟны ишьақәыргылан Германиатәи адемократиатә республика афирма «А. Шуке» аҟны иҟаҵаз аорҕан. Раҧхьатәи анагӡаҩцәаны иҟан Леипцигтәи аконсерваториа апрофессор Х. Кестнер, ац. Томас ихьӡ зху Леипцигтәи аныхабаа аорҕанарҳәаҩы В. Шетелих.

1976 ш. инаркны есқьынагьтәи орҕанарҳәаҩны дыҟоуп И. Бах ихьӡ зху Леипцигтәи аконкурс адипломант Гарри Кониаев. 80-тәи ашықәсқәа рзы урҭ инарываргыланы иқәгылоит аорҕанарҳәаҩцәа Н. Седуни Л. Галустиани.

1977 ш. аныхабааҟны есышықәса имҩаҧысуеит аорҕантә музыка цәыббразтәи афестивальқәа. Урҭ реиҿкаара аҧшьыргоит П. И. Чаиковски ихьӡ зху Москватәи аконсерваториа апрофессор Л. Роизман. Афестивальқәа ирылахәуп иеицырдыруа амузыкантцәа – аорҕанарҳәаҩцәа – В. Шетелих (Германиа), О. Ианченко, Г. Гродберг, Д. Дигрис, Б. Василиаускас, Х. Лепнурм, Г. Козлова убас егьырҭгьы. Арҭ афестивальқәа инарываргыланы 1985 ш. инадыркны имҩаҧысуеит акамертә музыка афестивальқәа «Уахынлатәи асеренадақәа»,1988 ш. инаркны – Аҧсны Аҳәынҭқарратә хортә капелла асахьаркыратә напхгаҩы, адирижиор Н. Ҷанба иеиҿикааз аҟазара аҟазацәа злахәу аклассикатә музыка аҧхынтәи афестиваль.

 Аҧхын 1987 шықәсазы раҧхьаӡакәны Қарҭтәи аконсерваториа фортепиано акласс ала, Москватәи аконсерваториа аорҕан акласс ала иалгаз, аорҕан музыкаҟны раҧхьатәи амилаҭтә ҟазаны ицәырҵыз, иахьа Аҧсны жәлар рартист Марина Шамба лыҧсадгьыл аҟны иқәҩит аҧсуа жәлар рашәақәа ртемала асиуитақәа.

1994 шықәса нанҳәамза 18 рзы имҩаҧысит Марина Шамба лгәыҳалалратә концерт. Уи аибашьраҟнытә ихнымҳәыз ирызкын. Убасҟан аибашьрашьҭахь раҧхьаӡакәаны аорҕан аиҭаира мҩаҧысит.

2002 шықәса инаркны Аҧсны ииз, иааӡаз Москватәи аконсерваториа аушьҭымҭаҩ, П. П. Чайковски ихьӡ зху X Жәларбжьаратәи аконкурс аҟны «Гран-при» занашьахаз, егьырҭ жәларбжьаратәи аконкурсқәа рлауреат, иахьа Урыстәылатәи Афедерациа ҧсны жәлар рартист, ашәаҳәаҩ Хьыбла Герзмаа лаҧшьагарала, Пицунда имҩаҧысуа иалагеит Станиславскии Немирович-Данченкои рыхьӡ зху Москватәи аҳәынҭқарратә академиатә музыкатә театр асолистцәа злахәыз амузыкатә фестивальқәа.

2006 шықәсазы Пицундатәи аныхабаа аконцерттә зал аҟны имҩаҧысит Хьыбла Герзмааи адунеи аҟны иеицырдыруа ашәаҳәаҩ ду Елена Образцовеи иеицеимҩаҧыргаз аконцерт. Ари аконцерт мҩаҧигон иеицырдыруа амузыкаҭҵааҩы Станислав Белза.

2007 ш. Пицундатәи аныхабааҟны Афестивальқәа рымҩаҧгара аҵас иацҵаны, «Хьыбла Герзмава шәаалыҧхьоит...» апрограмма аҳәаа иҭагӡаны имҩаҧысит Аҳәынҭқарратә камертә оркестр, адирижиор Владимир Спиваков напхгара зиҭоз «Москва аҟазацәа дуқәа» захьӡыз концерт.

2008 ш. «Хьыбла Герзмава шәаалыҧхьоит...» афестиваль апрограммала Пицундатәи аныхабааҟны имҩаҧысит Хьыбла Герзмааи апианинорҳәаҩы Даниил Крамери злахәыз концерт.

2008 ш. рашәарамза 27 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа реилазаара Ақәҵарала Пицундатәи аныхабаа Аконцерттә зал еиҭашьақәыргылан «Пицундатәи аныхабаа Аҳәынҭқарратә концерттә зал» ҳәа, Аҳәынҭқарратә усбарҭаны иагьалаҵан Аҧсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа реилазаара.

Пицундатәи аныхабаа Аҳәынҭқарратә концерттә зал еиҳабыс дамоуп – Гунда Агрба. Сахьаркыратә напхгаҩыс дыҟоуп – Аҧсны жәлар рартист Марина Шамба.

Last modified on Maandag, 06 Рашәара 2022 11:47

АЖӘАБЖЬҚӘА РАРХИВ

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

Полезные ссылки

Амузеиқәа

Облако тэгов

АМИНИСТРРАЗЫ

Аԥсны Аҳәынҭқарра Акультура Аминистрра акультуреи, аҟазареи, аҭоурых-культуратә ҭыхна ахьчареи рус аҟны аҳәынҭқарратә политика аԥызҵо, насгьы иназыгӡо ихадоу ҳәынҭқарратә усбарҭоуп. 

АИМАДАРАҚӘА

Аҧсны Аҳәынҭқарра

384900, ақ. Аҟәа, Лакәаба им. 21

Аҭел: +7(840) 229-75-42.

E-mail: mc_ra@mail.ru

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me
© 2018-2024 Аҧсны Аҳәынҭқарра Акультура аминистрра || Министерство культуры Республики Абхазия ||
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых публицистических, аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя.