Амузеиқәа

Амузеиқәа

1915 шықәсазы Аԥсны еиҿкаахоит «Аҟәатәи аокруг аԥсабареи ауааԥсыреи рыҭҵаара абзиабаҩцәа рхеидкыла». Уи иалахәыз аителлигенциа нага ахаҭарнакцәа еиҿыркаауеит амузеи. Амузеи аартра мҩаԥысуеит маи 17, 1917 шықәсазы.

В. Г. Арӡынба ихьӡ зху Аибашьратә фырхаҵара амузеи аԥҵан 2008 шықәсазы. Хықәкыс иаман аԥсуа жәлар рҭоурых, изнысыз рфырхаҵаратә мҩа, хаҭала 1992-1993 шықәсқәа рзтәи Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра аҭоурых аҭҵаара, аибашьра иадҳәало аекспонатқәа реизгара, рцәыргақәҵара.

Дмитри Гәлиа иҧсҭазаара – аҧсуа жәлар рыҧсҭазаареи еидҳәалоуп. Уи дани инаркны аҵыхәтәантәи амшқәа рҟынӡа иҧсадгьыл алахьынҵа ацеиҩишон.

1974 ш. цәыббра 22 рзы Дырмит Иосиф-иҧа Гәлиа 100 шықәса ихыҵра иадҳәалаз аиубилеитә ныҳәа амшқәа рзы иаартын Алитература-мемори- алтә музеи акыр шықәса иҭаацәеи иареи ахьынхоз, аус ахьиуаз (1912 ш. инаркны 1960 шш. рҟынӡа).

Апроект авторцәас иаман – Ленинград ақалақь аҟны аҿыханҵа-сахьала аиқәыршәаратә ҟазара Акомбинат аусзуҩцәа Марк Лев-иҧа Горелики Инна Леиб-иҧҳа Наровлианскаиеи (асценари).

АЖӘАБЖЬҚӘА РАРХИВ

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

Полезные ссылки

Амузеиқәа

Облако тэгов

АМИНИСТРРАЗЫ

Аԥсны Аҳәынҭқарра Акультура Аминистрра акультуреи, аҟазареи, аҭоурых-культуратә ҭыхна ахьчареи рус аҟны аҳәынҭқарратә политика аԥызҵо, насгьы иназыгӡо ихадоу ҳәынҭқарратә усбарҭоуп. 

АИМАДАРАҚӘА

Аҧсны Аҳәынҭқарра

384900, ақ. Аҟәа, Лакәаба им. 21

Аҭел: +7(840) 229-75-42.

E-mail: mc_ra@mail.ru

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me
© 2018-2024 Аҧсны Аҳәынҭқарра Акультура аминистрра || Министерство культуры Республики Абхазия ||
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых публицистических, аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя.