Аԥсны Асовет мчра анышьақәгыла, атәылаҿацәҭҵааратә усура ҿыц ихацыркхоит, еиҿкаахоит «Аԥсуа наукатә еилазаара». 1924 шықәсазы уи аилазаара иаиуеит аҳәынҭқарратә статус. 1933 шықәсазы амузеи аҟны иаатуеит аҭоурыхтә-револиуциатә ҟәша. Аџьынџьтәылатә Еибашьра Ду аан еизгахоит афашист мпыҵахалаҩцәа ирҿагыланы иқәԥоз Ареспублика иалҵыз аибашьцәа ирызку аматериал.
1977 шықәсазы раԥхьаӡакәны Ленинградеиҿкааз СССР жәлар ретнографиатә музеи аҟны Аҳәынҭқарратә музеи аусуҩцәа рымчала еиҿкаан ацәыргақәҵа «Аԥсуаа» (рыбзазареи рҟазареи). Уаҟа ицәыргақәҵан 300 инареиҳаны аекспонатқәа. 1980 шықәсанӡа амузеи иаҵанакуан ҩ-филиалк, иаартын хә-експозициатә ҟәшак. Амузеи аҵәахырҭаҟны ишьҭан 100 000 инареиҳаны амаҭәарқәа.
Амузеи афонд аҟны иҵәахуп Аԥсны, Кавказ, ажәытә Мысра, Грециа, Рим, Ҭырқәтәыла, Византиа, Сасанидтәи Иран рҭоурыхи ркультуреи ирыдҳәалоу абаҟақәа, Октиабртәи ареволиуциа, Аџьынџьтәылатә Еибашьра Ду, Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра (1992–1993 шш.) ирызку адокументқәа.
Иҟоуп аекспонатқәа ареспубликатә адагьы, адунеитә ҵакы змоу. Урҭ иреиуоуп СССР адгьылҵакыраҟны ижәытәӡатәиу ашелтәи аамҭахҵәаха иаҵанакуа Иашҭхәатәи ауаҩы игыларҭа, Аҳаԥы Хьшәашәа ҳәа изышьҭоу (Холодный грот) аҟны иԥшааз амезолиттә аамҭахҵәаха иаҵанакуа амыругақәа, ҳера ҟалаанӡа III азқьышықәса ирыҵаркуа адамрақәа рҟны иԥшааз аихатәы маҭәарқәа, аџьаз абжьаратә аепоха иаҵанакуа аихақәа рҭаҵәахырҭақәа.
Иналукааша аекспонатқәа иреиуоуп ажәытә Грециатәи амармалташьтә стела, иара убас А ҟәатәи арҳәыраҟны иԥшааз антикатә аамҭахҵәаха иаҵанакуа абиуст, ассириатәи аџьазтә ԥырак (ҳера ҟалаанӡа VI ашә.), грециатә акәалӡхылԥеи аԥыраки (ҳера ҟалаанӡа IV–V ашә.) уҳәа убас егьырҭгьы.
Амузеи адиректор – аҭоурыхтә ҭҵаарақәа ркандидат, Д. Гәлиа ихьӡ зху Агуманитартә ҭҵаарақәа Аԥснытәи ринститут анаукатә усзуҩы Аркади Иван-иԥа Џьопуа.