Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи

1915 шықәсазы Аԥсны еиҿкаахоит «Аҟәатәи аокруг аԥсабареи ауааԥсыреи рыҭҵаара абзиабаҩцәа рхеидкыла». Уи иалахәыз аителлигенциа нага ахаҭарнакцәа еиҿыркаауеит амузеи. Амузеи аартра мҩаԥысуеит маи 17, 1917 шықәсазы.

Аԥсны Асовет мчра анышьақәгыла, атәылаҿацәҭҵааратә усура ҿыц ихацыркхоит, еиҿкаахоит «Аԥсуа наукатә еилазаара». 1924 шықәсазы уи аилазаара иаиуеит аҳәынҭқарратә статус. 1933 шықәсазы амузеи аҟны иаатуеит аҭоурыхтә-револиуциатә ҟәша. Аџьынџьтәылатә Еибашьра Ду аан еизгахоит афашист мпыҵахалаҩцәа ирҿагыланы иқәԥоз Ареспублика иалҵыз аибашьцәа ирызку аматериал.


1977 шықәсазы раԥхьаӡакәны Ленинградеиҿкааз СССР жәлар ретнографиатә музеи аҟны Аҳәынҭқарратә музеи аусуҩцәа рымчала еиҿкаан ацәыргақәҵа «Аԥсуаа» (рыбзазареи рҟазареи). Уаҟа ицәыргақәҵан 300 инареиҳаны аекспонатқәа. 1980 шықәсанӡа амузеи иаҵанакуан ҩ-филиалк, иаартын хә-експозициатә ҟәшак. Амузеи аҵәахырҭаҟны ишьҭан 100 000 инареиҳаны амаҭәарқәа.

Амузеи афонд аҟны иҵәахуп Аԥсны, Кавказ, ажәытә Мысра, Грециа, Рим, Ҭырқәтәыла, Византиа, Сасанидтәи Иран рҭоурыхи ркультуреи ирыдҳәалоу абаҟақәа, Октиабртәи ареволиуциа, Аџьынџьтәылатә Еибашьра Ду, Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра (1992–1993 шш.) ирызку адокументқәа.

Иҟоуп аекспонатқәа ареспубликатә адагьы, адунеитә ҵакы змоу. Урҭ иреиуоуп СССР адгьылҵакыраҟны ижәытәӡатәиу ашелтәи аамҭахҵәаха иаҵанакуа Иашҭхәатәи ауаҩы игыларҭа, Аҳаԥы Хьшәашәа ҳәа изышьҭоу (Холодный грот) аҟны иԥшааз амезолиттә аамҭахҵәаха иаҵанакуа амыругақәа, ҳера ҟалаанӡа III азқьышықәса ирыҵаркуа адамрақәа рҟны иԥшааз аихатәы маҭәарқәа, аџьаз абжьаратә аепоха иаҵанакуа аихақәа рҭаҵәахырҭақәа.

Иналукааша аекспонатқәа иреиуоуп ажәытә Грециатәи амармалташьтә стела, иара убас А ҟәатәи арҳәыраҟны иԥшааз антикатә аамҭахҵәаха иаҵанакуа абиуст, ассириатәи аџьазтә ԥырак (ҳера ҟалаанӡа VI ашә.), грециатә акәалӡхылԥеи аԥыраки (ҳера ҟалаанӡа IV–V ашә.) уҳәа убас егьырҭгьы.

Амузеи адиректор – аҭоурыхтә ҭҵаарақәа ркандидат, Д. Гәлиа ихьӡ зху Агуманитартә ҭҵаарақәа Аԥснытәи ринститут анаукатә усзуҩы Аркади Иван-иԥа Џьопуа.

 

Last modified on Dinsdag, 12 Лаҵара 2020 13:51

АЖӘАБЖЬҚӘА РАРХИВ

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

Полезные ссылки

Амузеиқәа

Облако тэгов

АМИНИСТРРАЗЫ

Аԥсны Аҳәынҭқарра Акультура Аминистрра акультуреи, аҟазареи, аҭоурых-культуратә ҭыхна ахьчареи рус аҟны аҳәынҭқарратә политика аԥызҵо, насгьы иназыгӡо ихадоу ҳәынҭқарратә усбарҭоуп. 

АИМАДАРАҚӘА

Аҧсны Аҳәынҭқарра

384900, ақ. Аҟәа, Лакәаба им. 21

Аҭел: +7(840) 229-75-42.

E-mail: mc_ra@mail.ru

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me
© 2018-2024 Аҧсны Аҳәынҭқарра Акультура аминистрра || Министерство культуры Республики Абхазия ||
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых публицистических, аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя.

ВНИМАНИЕ !

На вашем аккаунте имеется задолженность ! 

Обслуживание и функционирование сайта www.minkult.apsny.land будет приостановлено 31 мая 2024г.

За дополнительной информацией обращайтесь к администратору сайта.