Д.И.Гәлиа илитературатә-мемориалтә музеи

Дмитри Гәлиа иҧсҭазаара – аҧсуа жәлар рыҧсҭазаареи еидҳәалоуп. Уи дани инаркны аҵыхәтәантәи амшқәа рҟынӡа иҧсадгьыл алахьынҵа ацеиҩишон.

1974 ш. цәыббра 22 рзы Дырмит Иосиф-иҧа Гәлиа 100 шықәса ихыҵра иадҳәалаз аиубилеитә ныҳәа амшқәа рзы иаартын Алитература-мемори- алтә музеи акыр шықәса иҭаацәеи иареи ахьынхоз, аус ахьиуаз (1912 ш. инаркны 1960 шш. рҟынӡа).

Апроект авторцәас иаман – Ленинград ақалақь аҟны аҿыханҵа-сахьала аиқәыршәаратә ҟазара Акомбинат аусзуҩцәа Марк Лев-иҧа Горелики Инна Леиб-иҧҳа Наровлианскаиеи (асценари).

Амузеи аекспозициатә залқәа быжьба амоуп , амемориалтә кабинети акттә зали. Аекспозициа алагамҭаны иҟоуп ауада аҧсуа жәлар рҭоурых аҟны иҟалаз арыцҳара иадҳәалоу амҳаџьырра иазкуп. Дмитри Гәлиа дмаҷӡан иҭаацәеи Аҧсны ауааҧсыра реиҳараҩыки мҳаџьырра ианагаз.

1810 ш. Урыстәыла адлара, Аҟәа ақ. 1864 ш. раҧхьатәи ашьхарыуаа рышкол аазыртыз иналукааша аурыс рккаҩцәа иҟарҵо анырра, 1862 ш. П. К. Услар иаҧиҵаз раҧхьатәи аҧсуа алфавит, 1865 ш. И. А. Бартоломеи иаҧиҵаз аҧсуа рҵага шәҟәы – арҭ ахҭысқәа Гәлиа иҧсҭазаара иузаҟәымҭхо иадҳәалоуп. Д. Гәлиа – аҧсуаа рхатәы бызшәала аҧхьара излалагаз раҧхьатәи анбан шәҟәи аҧсуа рҵага шәҟәи (1892 ш.) аҧиҵеит.

Д. Гәлиа иоуп иаҧызҵаз раҧхьатәи аҧсуа газеҭ «Аҧсны» (1919 ш.). Иеиҭаҵуа аҧсуа жәлартә театр ашьаҭаркҩуп (1921 ш.), етнографуп, ҭоурыхҭҵааҩуп, фольклориступ, лингвиступ. Иара авторс дрымоуп «Аҧсны аҭоурых» (1925 ш.), орфографиатә атерминологиатә жәар, амзар, «аетнографиа» азанааҭ ала (1937 ш.) аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа дыркандидатуп.

Д. Гәлиа – Аҧсны жәлар дырпоетуп, уаажәларратә усзуҩуп.

Д. Гәлиа ихьӡ зху Алитература-мемориалтә музеи аиҳабы – С. Қорсаиа.

Аҭел. + (7840)226-81-3

 

Last modified on Donderdag, 12 Ԥхынкәын 2019 07:50

АЖӘАБЖЬҚӘА РАРХИВ

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

Полезные ссылки

Амузеиқәа

Облако тэгов

АМИНИСТРРАЗЫ

Аԥсны Аҳәынҭқарра Акультура Аминистрра акультуреи, аҟазареи, аҭоурых-культуратә ҭыхна ахьчареи рус аҟны аҳәынҭқарратә политика аԥызҵо, насгьы иназыгӡо ихадоу ҳәынҭқарратә усбарҭоуп. 

АИМАДАРАҚӘА

Аҧсны Аҳәынҭқарра

384900, ақ. Аҟәа, Лакәаба им. 21

Аҭел: +7(840) 229-75-42.

E-mail: mc_ra@mail.ru

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me
© 2018-2024 Аҧсны Аҳәынҭқарра Акультура аминистрра || Министерство культуры Республики Абхазия ||
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых публицистических, аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя.

ВНИМАНИЕ !

На вашем аккаунте имеется задолженность ! 

Обслуживание и функционирование сайта www.minkult.apsny.land будет приостановлено 31 мая 2024г.

За дополнительной информацией обращайтесь к администратору сайта.