Р. Џь. Гәымба ихьӡ зху Аҧснытәи аҳәынҭқарратә филармониа

Аҧснытәи Аҳәынҭқарратә филармониа Аҧсны акультура ижәытәӡоу аусбарҭақәа ируакуп. Иҳаҩсыз ашәышықәса 40-тәи ашықәсқәа рзы иаҧҵаз афилармониа заҧҵамҭақәеи зҟазареи рыҟны иреиҕьу жәлар рытрадициақәа зныҧшыз арҿиаратә коллективқәа, акомпозиторцәа, ашәаҳәаҩцәа русура ахьымҩаҧысуаз центрк иаҩызан.

Аҧснытәи афилармониа ақалақь агәҭаны иҟоуп, уи иара аҭыҧ пшӡарақәа иреиуоуп, иеицырдыруа аҧсуа композитор Р. Гәымба ихьӡ ахуп. Афилармониа асценаҟны иқәгылон иналукааша аҟазара аусзуҩцәа, Аҧсны, Урыстәыла, ҧасатәи Асовет Еидгыла Ареспубликақәа рырҿиаратә коллективқәа.

Аҧснытәи Аҳәынҭқарратә филармониаҟны иаҧҵоу аҭыҧҳацәа рвокал-инструменталтә ансамбль «Гәында» аҧсуа жәлар ринструментқәа аҩымаа, ахымаа, аҧхьарца, адал, ачамгәыр ахьадырҳәо апрофессионалтә коллективқәа ируакуп.

1992-93 шш. Аҧсны Қырҭтәыла аҳәынҭсовет ар ранапаҟны ианыҟаз афилармониа еимырҵәеит, иара ахыбра ахаҭа аҧхасҭа аҭан. Аиааира ашьҭахь арҿиаратә коллективқәеи иналукааша арҿиаратә усзуҩцәеи рырҿиара ахьымҩаҧысуа центрны иҟалеит.

Аҧснытәи Аҳәынҭқарратә филармониа асолистцәа – Аҧсны жәлар рартист Алла Оҭырҧҳа (аф-но), Марина Шамҧҳа (аорҕан), Манана Шамҧҳа (асопрано), Аҧсны зҽаҧсазтәыз артист Нинель Бжьаниаҧҳа (аф-но), Родион Ҳагба (атенор), Лука Гаделиа (аорҕан), Нана Черқьезиа (асопрано), Кристина Ешба (асопрано) уҳәа уб. егь. аконцертқәа мҩаҧыргоит Аҧсны араионқәа зегьы рыҟнеиҧш уи анҭыҵгьы рыпрофессионалтә ҟазара ҳаракы цәырганы. Афилармониаҟны аус ауеит Аҧсны зҽаҧсазтәыз артист Н. Саҕариа напхгара зиҭо аестрадатә гәыҧ «Аҧсны».

Р. Гәымба ихьӡ зху Аҧснытәи Аҳәынҭқарратә филармониа асценаҟны иқәгылоит арҿиаратә коллективқәа, атәыланҭыҵынтә иеицырдыруа артистцәа.

Ахыбра ааигәа иеиҭашьақәыргылоуп, иахьатәи аамҭа иақәшәо маҭәахәла иеиқәыршәоуп асцена, иахьатәи апрофессионалтә ҭахрақәа зегьы нанагӡоит.

 Еиҳабыс дамоуп – Ҳаџьымба Руслан Арда-иҧа.

Сахьаркыратә напхгаҩыс дыҟоуп – Аҧсны зҽаҧсазтәыз артист Џьениа Есма Виқтор-иҧҳа.

384900, Аҟәа ақ., Леон имҩа, 18 аҩн. 
Аҭел. 226-66-47, 226-43-31. 
E-mail: Hierdie e-posadres word van Spambotte beskerm. Jy moet JavaScript ontsper om dit te lees. 

Last modified on Dinsdag, 31 Лаҵара 2022 11:37

АЖӘАБЖЬҚӘА РАРХИВ

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

Полезные ссылки

Амузеиқәа

Облако тэгов

АМИНИСТРРАЗЫ

Аԥсны Аҳәынҭқарра Акультура Аминистрра акультуреи, аҟазареи, аҭоурых-культуратә ҭыхна ахьчареи рус аҟны аҳәынҭқарратә политика аԥызҵо, насгьы иназыгӡо ихадоу ҳәынҭқарратә усбарҭоуп. 

АИМАДАРАҚӘА

Аҧсны Аҳәынҭқарра

384900, ақ. Аҟәа, Лакәаба им. 21

Аҭел: +7(840) 229-75-42.

E-mail: mc_ra@mail.ru

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me
© 2018-2024 Аҧсны Аҳәынҭқарра Акультура аминистрра || Министерство культуры Республики Абхазия ||
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых публицистических, аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя.