Вторник, 25 марта 2025 11:34

Динара Смыр акультура аусзуҩцәа рымш рыдылныҳәалеит

Аԥсны Аҳәынҭқарра акультура аминистр инапынҵақәа назыгӡо Динара Смыр акультура аусзуҩцәа рымш рыдылныҳәалеит.

Адныҳәалараҿы иаҳәоит:

«Ҳаҭыр зқәу сколлегацәа!

Аԥсны Аҳәынҭқарра Акультура Аминистрра ахьӡала ишәыдысныҳәалоит шәзанааҭ ныҳәа – Акультура аусзуҩцәа рымш!

Шәџьабаа ахәшьара уадаҩуп. Шәылшарақәарыбзоуралоуп Аԥсны Аҳәынҭқарра акультуратә ҭынха беиа ахьчареи аизырҳареи залыршахо.

Иарбанзаалак имҩаԥыжәго аусмҩаԥгатәқәа, иаԥышәҵо аҟазара арҿиамҭақәа иазнарҳауеит ҳдоуҳатә беиара, ҽакы еиԥшым ҳакультуратә хаҿрааҿиара иацхраауеит.

Шәара ауааԥсыра ирылашәырҵәоит адоуҳатә культура ҳаракы, уи ауаҩы иҵарадырра еизнарҳауеит, ахәыҷқәеи изызҳауа аҿари рестетикатә ааӡара иацхраауеит.

Ҳаҭыр зқәу сколлегацәа! Гәыкала иҭабуп ҳәа шәасҳәоит хацәнымырха шәусуразы, шәбаҩхатәреи шәгәеизҳареи ауаа иахрыцеиҩышәшо азы.

Ишәзеиӷьасшьоит ақәҿиара дуқәа шәҟазараҟны, агәалаҟазаара бзиа, агәабзиареи аманшәалареи шәыцзааит!»

 

Прочитано 671 раз Последнее изменение Вторник, 25 марта 2025 11:37

О Министерстве

Министерство культуры Республики Абхазия является центральным органом государственного управления, осуществляющим функции по выработке и реализации государственной политики в сфере культуры, искусства, историко-культурного наследия.

Адрес

Республика Абхазия

384900, г.Сухум, ул.Лакоба, 21

Тел: +7(840) 229-75-42

E-mail: mc_ra@mail.ru