Аҵарауаҩ иԥшәмаԥҳәыси иареи амҩан амашәыр иақәшәеит. Ааха зауз Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭахь инаргеит, аха Лакоба еиқәырхара залымшеит.
Станислав Лакоба — Кавказ аҭоурыхҭҵааҩы, Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аҭоурыхҭҵаара аҟәша аҭҭцаарадырратә усзуҩ хада, Адыгатәи жәларбжьаратәи аҭҵаарадыррақәа ракадемиа академик, Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат, Ахьӡ-Аԥша аорден аҩбатәи аҩаӡара занашьоу, 1989 шықәсазы Лыхнытәи ааԥхьара автор.