Woensdag, 15 Жьҭаара 2025 15:07

Аԥсуа театр алахәхоит Нальчик имҩаԥысраны иҟоу афестиваль «Аладатәи асцена»

«Асду» аԥхьарбара мҩаԥысит 2024 шықәса абҵарамза 20 рзы.

Аԥсуа театр Нальчик имҩаԥысраны иҟоу афестиваль «Аладатәи асцена» аҿы аспектакль «Асду» ықәнаргылоит ҳәа аанацҳауеит Ҟабарда-Балкариа Акультура Аминистрра.

Афестиваль жьҭаарамза 13 инаркны 18 рҟынӡа имҩаԥысуеит, уи Аԥсни, Аахыҵ Уаԥстәылеи, Нхыҵ-Кавказтәи ареспубликақәа рҟынтәи атеатрқәа 12 еиднакылоит.

Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа драматә театр афестиваль ахыркәшара амш аҽны, аԥсуа шәҟәыҩҩы Алықьса Гогәуа иҩымҭала арежиссиор Мадина Аргәынԥҳа лықәыргыламҭа ахәаԥшыҩцәа ирыднагалоит.

Апрограммаҿы – аурыс бызшәахь синхронла еиҭагоу амилаҭтә театрқәа рхатәы бызшәақәа рыла иқәдыргылаз аспектакльқәа.

Аспектакльқәа рыдагьы, афестиваль аҳәаақәа ирҭагӡаны астол гьыжь «Амилаҭтә драматә театрқәа ҳаамҭазтәи аҭагылазаашьақәа рҿы рыҿиареи» актиортә ҟазараз аҟаза-классқәеи мҩаԥгахоит.

 

Read 215 times Last modified on Donderdag, 12 Жәабран 2026 13:59

АМИНИСТРРАЗЫ

Аԥсны Аҳәынҭқарра Акультура Аминистрра акультуреи, аҟазареи, аҭоурых-культуратә ҭыхна ахьчареи рус аҟны аҳәынҭқарратә политика аԥызҵо, насгьы иназыгӡо ихадоу ҳәынҭқарратә усбарҭоуп. 

АИМАДАРАҚӘА

Аҧсны Аҳәынҭқарра

384900, ақ. Аҟәа, Лакәаба им. 21

Аҭел: +7(840) 229-75-42.

E-mail: mc_ra@mail.ru