Аклассикатә концерт азкын Аԥсны Жәлар рартист Нинель Бжьаниеи Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Гәылиза Аҩӡԥҳаи рфортепианатә дуети Аҳәынҭқарратә акамертә оркестри аус еицыруеижьҭеи жәашықәса ахыҵра.
Ахәаԥшцәа ирыдгалан аҳәаанырцәтәии асоветтәии композиторцәа рырҿиамҭақәеи еицырдыруа афильмқәа рзы асаундтрекқәеи.
Аконцерт мҩаԥылгон амузыкаҭҵааҩ, Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Есма Џьниаԥҳа.
