Нанҳәа мза 26 аҽны ақалақь Аҟәа Атеатр ашҭаҿы имҩаԥысуеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахьыԥмышра азхаҵара Амш иазку аныҳәатә концерт. Аконцерт иалахәуп аҳәынҭқарратә аҟазаратә коллективқәеи аԥсуа естрада артистцәеи.
Аҳәыҷқәеи ақәыҧшцәеи ирызку алитература арҿиараҿы алагалазы Т. Шь. Аџьба ихьӡ зху Аҧсны Аҳәынҭқарратә литературатә премиа анашьразы Акомиссиа ирыланаҳәоит апремиа аиуразы аконкурс шаарту.
Аԥсны Аҳәынҭқарра акультура аминистр Даур Ақаҩба Аҧснытәи аҳәынҭқарратә музеи адиректор Аркади Џьопуа ииубилеи идиныҳәалеит. Адныҳәалараҿы иаҳәоит:
Амилаҭтә сахьатә галереиа шьаҭанкыла аиҭашьақәыргылара амҩаԥгара ашьҭахь иаатит.
Ацәыргақәҵа «Аҟәа. Аколлекционер иблақәа рыла» Аԥсны Абанк аҿы иаатит.
Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба идҵа инақәыршәаны Шьаҭанкыла аргылара Аусбарҭа аспециалистцәа Аҟәа ақалақь агәаҿы игылоу, Дырмит Гәлиа илитература-мемориалтә ҩны-амузеи ахыбра ауадақәа рҭагылазаашьа гәарҭеит.
Жәларбжьаратәи амузеиқәа рымш - Маи 18 аҽны имҩаԥгахоит акциа «Амузеи аҵх ахь».
Иахьа, мшаԥы 3, 89 шықәса ихыҵуан Аҧсны Жәлар рартист, Ахьӡ-аҧша аорден II-тәи аҩаӡара занашьаз Шьалуа Ҷыф-иҧа Гыцба. Шьалуа Гыцба аус ицура еиҵагыло аҿар рзы насыҧ дуун, асценаҿы иаԥиҵаз еиуеиԥшым арольқәеи ахаҿсахьақәеи аԥсуа театр аҭоурых аҿы наунагӡа иаанхоит.

АЖӘАБЖЬҚӘА РАРХИВ

« Абҵара 2025 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
          1 2
3 4 5 6 7 8 9
10 11 12 13 14 15 16
17 18 19 20 21 22 23
24 25 26 27 28 29 30

Полезные ссылки

Амузеиқәа

Облако тэгов

АМИНИСТРРАЗЫ

Аԥсны Аҳәынҭқарра Акультура Аминистрра акультуреи, аҟазареи, аҭоурых-культуратә ҭыхна ахьчареи рус аҟны аҳәынҭқарратә политика аԥызҵо, насгьы иназыгӡо ихадоу ҳәынҭқарратә усбарҭоуп. 

АИМАДАРАҚӘА

Аҧсны Аҳәынҭқарра

384900, ақ. Аҟәа, Лакәаба им. 21

Аҭел: +7(840) 229-75-42.

E-mail: mc_ra@mail.ru

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me
© 2018-2025 Аҧсны Аҳәынҭқарра Акультура аминистрра || Министерство культуры Республики Абхазия ||
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых публицистических, аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя.