Еизаз ирзеиҭаҳәан Искандер иԥсҭазаареи ирҿиареи ртәы, аҳҭнықалақь аҩбатәии ахԥатәии ашколқәа рҵаҩцәа ашәҟәыҩҩы ирҿиамҭақәа рцыԥҵәахақәа ирыԥхьеит, Чик изку ажәабжьқәа рмотивқәа рыла атеатртә сценақәа ықәдыргылеит.
Гәлиа иеиҭагамҭоу Евангелие ахкьыԥхьаақәа хԥа ашәҟәыҩҩы диижьҭеи 150 шықәса аҵра аҳаҭыраз иҭрыжьраны иҟоуп.
Уасил Царгәыш ихьӡ зху Аԥсны Зҽаԥсазтәыз жәлар рашәаҳәареи рыкәашареи Аҳәынҭқарратә ансамбль раԥхьаӡа акәны иалахәхоит Ориол ақалақь аҿы имҩаԥысуа Аиашахаҵаратә культуреи ажәлар рҟазареи VII Жәларбжьаратәи афестиваль.
Ҳаҭыр зқәу амузеи аусзуҩцәа! Гәык-ԥсыкала ишәыдаҳныҳәалоит шәзанааҭ аныҳәа – Амузеиқәа жәларбжьаратәи рымш! Иҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит аџьабаа зцу шәусуразы, ҳҵасқәа шәрыцәхьамҵо, ҳҳәынҭқарра акультуратә ҭынха шәеиҷаҳаны иахышәыхьчо азы.
Аԥсны акультура аминистрреи Гәылиа илитература-мемориалтә музеии имҩаԥыргоит Дырмит Гәлиа диижьҭеи 150 шықәса аҵра азгәаҭара иазку апроект.
200 нызқь мааҭ рҟынӡа ишьҭыхуп алитературеи, аҟазареи, архитектуреи рзы Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа азы аԥаратә ҳамҭа.
Аԥсны Акультура Аминистрра еиқәнаршәаз Ареспубликатә гастрольтә план аҳәаақәа ирҭагӡаны, мшаԥымза 19 аҽны Очамчыра араион Баслахәтәи абжьаратә школ аҟны имҩаԥысуеит ашәҟәыҩҩцәеи, апоетцәеи, апародистцәеи, авокалтә-интструменталтә ансамбль «Гәында» злахәу аконцерт.
Зыхьӡ нагоу аԥснытәи арҿиаратә коллектив ақәгылара акультуратә сезонқәа «Урыстәыла-Аԥсны 2024» раартра аҳәаақәа ирҭагӡаны мшаԥымза 27 рзы, Саратов ақалақь, А. Шнитке ихьӡ зху аобласттә филармониа аҿы имҩаԥысуеит.

АЖӘАБЖЬҚӘА РАРХИВ

« Ԥхынгәы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30 31        

Полезные ссылки

Амузеиқәа

Облако тэгов

АМИНИСТРРАЗЫ

Аԥсны Аҳәынҭқарра Акультура Аминистрра акультуреи, аҟазареи, аҭоурых-культуратә ҭыхна ахьчареи рус аҟны аҳәынҭқарратә политика аԥызҵо, насгьы иназыгӡо ихадоу ҳәынҭқарратә усбарҭоуп. 

АИМАДАРАҚӘА

Аҧсны Аҳәынҭқарра

384900, ақ. Аҟәа, Лакәаба им. 21

Аҭел: +7(840) 229-75-42.

E-mail: mc_ra@mail.ru

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me
© 2018-2024 Аҧсны Аҳәынҭқарра Акультура аминистрра || Министерство культуры Республики Абхазия ||
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых публицистических, аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя.