Аԥсуа ҟазараҭҵааҩ Сурам Сақаниа диит 1956 шықәсазы Кәтол ақыҭан. Далгеит И. Кәаӷәаниа ихьӡ зху Кәтолтәи абжьаратә школ (1962–1971).
Ашкол даналга ашьҭахь дҭалоит А. Чачба ихьӡ зху Аҟәатәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭа (1971– 1975).
1975–1978 шықәсқәа рзы Кәтолтәи абжьаратә школ аҟны асахьаҭыхреи черчениеи рырҵаҩыс аус иуан.
1975–1977 шықәсқәа рзы аррамаҵура дахысуан Ленинградтәи арратә округ аҟны.
1979–1981 шықәсқәа рзы Ленинградтәи аҩнуҵҟатәи аусқәа ирыҵаркуаз абылрацәыхьчаратә ҟарул аҿы амаҵура дахысуан.
1981–1985 шықәсқәа рзы аҵара иҵон Қарҭтәи асахьаҭыхратә академиа аҟазараҭҵааратә факультет аҟны. 1985 шықәсазы адипломтә усумҭа ихьчеит.
Анаҩс аус иуан Аҟәатәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭаҟны аҟазара аҭоурых арҵаҩыс.
1987–1989 шықәсқәа рзы Аԥсуа ҳәынҭқарратә музеи аҟны аус иуан.
1989 шықәса инаркны иахьа уажәраанӡа Аԥснытәи абызшәеи алитературеи ринститут (анаҩс Д. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуа гуманитартә ҭҵаарақәа ринститут ҳәа ахьӡ ԥсахын) аҟны аус иуеит.
1989–1991 шықәсқәа рзы Урыстәылатәи аҟазарадырра институт аҟны аԥышәахысҩык иаҳасабала дахыԥхьаӡалан.
1991 шықәсазы аспирантура дҭалоит.
1992–1993 шықәсқәа рзы Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра далахәын, ианашьоуп «Агәымшәараз» амедал.
2001 шықәса инаркны иахьа уажәраанӡа Амилаҭтә асахьаҭыхымҭақәа ргалереиа аиҳабыс дыҟоуп.
Иара убас 1996 шықәса инаркны Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны аҿыханҵатә ҟазара арҵара инапы алакуп.
Дрылахәын Аҟәа, Нальчик, Махачкала, Владикавказ, Шәача, Москва, Измир, Тир, Џеирах имҩаԥысуаз аконференциақәа.
1997 шықәса инаркны дрылахәын, анаҩсгьы напхгара рзиуан Гагра, Оҭҳара, Мықә, Џьал, Ачмарда, Ԥшьоухәа, Мыхәыр, Арасаӡыхь имҩаԥысуаз археологиатә експедициақәа.
Аԥсуа, аурыс, англыз бызшәала иҩу 40 статиа инареиҳаны дравторуп.