Диит ииаль 15, 1955 шықәсазы Очамчыра араион Ҷлоу ақыҭан.
1962 шықәса инаркны 1972 шықәсанӡа аҵара иҵон Ҷлоутәи, анаҩс Тҟәарчалтәи абжьаратә школ № 7 рҟны.
1972–1977 шықәсқәа рзы аҵара иҵон Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт аҟны (афилологиеи ажурналистикеи рфакультетқәа рҟны).
1977–1979 шықәсқәа рзы СССР арбџьармчқәа рҟны аррамаҵура дахысуан.
1979–1983 шықәсқәа рзы Ҷлоутәи абжьаратә школ аҟны аԥсуа бызшәеи алитературеи рырҵаҩыс аус иуан.
1983 шықәса инаркны иахьа уажәраанӡагьы аус иуеит анаукатә усзуҩыс Д. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуа агуманитартә ҭҵаарақәа ринститут археологиатә ҟәша аҟны.
1992–1996 шықәсқәа рзы Урытәылатәи анаукақәа ракадемиа археологиатә институт аҟны аспирантк иаҳасабала аҵара иҵон.
Д. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуа агуманитартә ҭҵаарақәа ринститут аҟны аус аниуаз, А. Џьопуа ихы рылаирхәуан аинститут еиҿнакаауаз археологиатә експедициақәа (Тамшь, Бамбора, Мгәыӡырхәа, Хәаԥ, Аҷандара, Абгархықә, Гагра, Башкаԥсара, Ҷлоу, Гагида, Гал, Цәкәара, Гәдаа, Аҽгәара, Џьантыхә, Иашыра, Аҟәа, Отап, Кындыҷ, Ԥшьаш, Ламкацә, Ауадҳара уҳәа егьыр араионқәа рышҟагьы).
2007 шықәса ихы алаирхәуан Урыстәылатәи анаукақәа ракадемиа археологиатә институт аекспедициаҟны.
Иара убри ашықәс азы далахәын Аԥсуа агуманитартә ҭҵаарақәа ринститути Мрагыларатәи жәлар рҟазара аҳәынҭқарратә музеи (Москва) еиҿыркааз апроект «Диоскуриеи уи аҵакыреи».
Аџьазтәии заатәи аихатә шәышықәсақәеи ирыҵаркуа Мрагыларатәи Понт аҭоурых аҭҵаара дазҿлымҳауп. 60 наукатә статиақәеи, иара убас апериодикатә акьыԥхь аҟны иҭыҵхьоу 50 статиеи дравторуп. Иусумҭақәа ҭыжьуп аԥсуа, аурыс, англыз бызшәақәа рыла.
Принимал участие в научных конференциях в Москве, Праге (Чехия) Адлере, Махачкале, Сухуме, Измире (Турция), Нальчике) связанных с тематикой работы, тезисы докладов изданы.
Дрылахәын Москва, Адлер, Нальчик, Махачкала, Аҟәа, Измир (Ҭырқәтәыла), Прага (Чехтәыла) имҩаԥысуаз аконференциақәа.
Ноиабр 5, 2007 шықәса инакрны Аԥсуа ҳәынҭқарратә музеи еиҳабыс дамоуп.