Диит сентиабр 19, 1957 шықәсазы Аладатәи Иашыра ақыҭан.
Абжьаратә школ даналга, 1974–1977 ашықәсқәа рзы аҵара лҵон Аҟәатәи акультуратә-ҵаралашаратә ҵараиурҭа аоркестртә ҟәша аҟны.
1977–1979 аш. рзы – Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҟны еиҿкааз авокалтә-инструменталтә ансамбль далахәын.
1979–1983 аш. рзы аҵара лҵон Москватәи аҳәынҭқарратә акультура аинститут аҟны.
1983–1984 шш. рзы аус луан Жәлар рҟазара Ареспубликатә анаукатә-методикатә центр аметодист еиҳабыс.
1984–1985 шш. рзы – Жәлар рҟазара Ареспубликатә анаукатә-методикатә центр анаукатә усзуҩы еиҳабы.
1985–1992 шш. – Жәлар рҟазара Ареспубликатә анаукатә-методикатә центр аиҿкааратә-методикатә ҟәша аиҳабы.
1992–1994 шш. рзы – Аԥснытәи АССР Акультура Аминистрра аҵаралашаратә усуразы аспециалист нага.
1994–1997 шш. рзы – Аԥсны Аҳәынҭқарра Акультура Аминистрра атеатртә-ланарԥшыратә усмҩаԥгатәқәа рыҟәша аспециалист нага.
1997–2011 шш. рзы – Аԥсны Аҳәынҭқарра Акультура Аминистрра акультуреи аҟазареи рыҟәша аиҳабы.
2011–2014 шш. рзы – Аԥсны Аҳәынҭқарра акультура аминистр ихаҭыԥуаҩ.
2011 шықәсазы акыр шықәса лыҵшәа бзиала акультуреи аҟазареи аҟны аус ахьылуаз азы иланашьан ахьӡ «Аԥсны Аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩ» ҳәа (ииунь 10, 2011 шықәсазы Аԥсны Ахада инапы зҵаиҩыз ақәҵара № 165).