Диит 1974 шықәсазы Аҟәа ақалақь адирижиор Ҳагба Анатоли Дмитри-иԥеи апионинорҳәаҩ Цухникас Маргарита Иван-иԥҳаи рҭаацәараҿы. 1981 шықәсазы дҭалоит ахәыҷтәы музикатә школ № 2 афортепиано акласс ала, анаҩс 1986 шықәсазы лмузикатә ҵара иацылҵоит арфа акласс ала. 1990 шықәсазы дҭалоит Аҟәатәи амузикатә ҵараиурҭа арфа акласс ала (арҵаҩы Харитоненко Л. В.). Ахԥатәи акурс даналга, Аԥсны аибашьра алагеит. Е. Ҳагба лҵара аамҭала иаанылкылар акәхеит. Шықәсык ашьҭахь дҭалоит Гнесинаа рыхьӡ зху Урыстәылатәи аҳәынҭқарратә музикатә ҵараиурҭа, уаҟа ибзианы лҵара хлыркәшеит.
1995-1999 шықәсқәа рзы лҵара иацылҵоит Гнесинаа рыхьӡ зху Академиеи Аҟазара ԥшаахқәа ракадемиеи рҟны арфа акласс ала (арҵаҩы Е. А. Москвитина).
Аҵара ахьынӡалҵоз лхы рылалырхәон Москва имҩаԥысуаз еиуеиԥшым аконцертқәа рҟны асолорҳәаҩ, аорекст артист лыҳасаб ала.
1999 шықәсазы ааԥхьара лоуеит Акапулько ақалақь (Меқсика) Афилармониатә оркестр ашҟа. Уаҟа аус луан 2010 шықәсанӡа.
2010 шықәсазы дхынҳәуеит Аԥсныҟа лҭаацәара лыманы, далагоит аусура Аԥснытәи Аҳәыҭқарратә камертә оркестр аҟны арфарҳәаҩы лаҳасаб ала.
2013 шықәсазы акультура аминистр идҵала дҟаҵоуп АУ «Аԥсны Аҳәынҭқарратә камертә оркестр» адиреқторс.
Дҭаацәароуп, илымоуп ҩыџьа аԥҳацәа.