АЖӘАБЖЬҚӘА

Аԥсуа театр аҿы имҩаԥысит Шьукин ихьӡ зху аинститут абитуриентцәа ралԥшааратә еицлабра

Аԥсуа театр аҿы имҩаԥысит Шьукин ихьӡ зху аинститут абитуриентцәа ралԥшааратә еицлабра

«Атеатри акинои рактиор», «арежиссиор» абарҭ азанааҭқәа рыла алԥшаара мҩаԥысуан. Алԥшаара аихшьаалақәа рыла ихадоу аицлабрахь инашьҭуп 11-ҩык.

Алԥшаара мҩаԥыргеит актиортә ҟазара акафедра арҵаҩцәа Валери Маркини Ельдар Трамови.

«Ҳара ҳазҿлымҳауп ауаҩы ари азанааҭ иаҭаху адыррақәа имоу-имаму аилкаара. Ихадоуп ауаҩы иҭеиҭыԥш, ажәабжь шизеиҭаҳәо, аиумор шнеиго», — ҳәа азгәеиҭеит Трамов.

Даара акырӡа аҵанакуеит аԥсуа бызшәа адырра, избанзар артистцәа ҿарацәа аныхынҳәлак Аԥсуа драматә театр атруппа хадырҭәаароуп.