АЖӘАБЖЬҚӘА

Арт-пленер «Аԥсны ҭагалан ашәыгақәа 2026» алахәылацәа русумҭақәа рцәыргақәҵа аатит

Арт-пленер «Аԥсны ҭагалан ашәыгақәа 2026» алахәылацәа русумҭақәа рцәыргақәҵа аатит

Арт-пленер «Аԥсны ҭагалан ашәыгақәа 2026» алахәылацәа русумҭақәа рцәыргақәҵа аатит Ацәыргақәҵатә зал хадаҿы.

Уи еизнагеит 70 инареиҳаны аԥсуа, аурыс сахьаҭыхыҩцәа русумҭақәа. Аҟазацәа ицәырыргеит апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны иҭыху асахьақәа.

Аԥсны ахаангьы асахьаҭыхыҩцәа рзы ибжьаратәу рҿиаратә хыҵхырҭаны иҟалом ҳәа азгәалҭеит аартраан АЗХ адиректор Ельвира Арсалиаԥҳа.

«Знык арахь иааз асахьаҭыхҩы, 30-тәи, 40-тәи, 50-тәи ашықәсқәа рҭоурых аҭоурых излаҳнарбо ала, Аԥсны атема акыршықәса дазыхынҳәлоит. Убри аҟнытә иахьа Урыстәыла амузеиқәа жәпакы рҿы иубоит Аԥсны иазку аусумҭақәа», — ҳәа азгәалҭеит лара.

Урыстәыла асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла аинформациатә ҟәша анапхгаҩы Елена Постнова 2015 шықәса раахыс апленер далахәуп. Сынтәа лара иӡырылгеит Афон ҿыц апеизажқәеи аԥсуа ҭаца илызку асахьеи.

Лара лажәақәа рыла, апленер алахәхара, раԥхьа иргыланы, атәыла аԥсабареи акультуреи рдырра ауп.

«Уаанӡагьы сара сзы Аԥсны лакә ссирк акәызҭгьы, уажәы сара сзы Аԥсны лабҿабоуп. Насгьы, ижәдыруеит, ауаа рҿы аҵабыргхаҭа, аҭоурых аҿы аҵабыргхаҭа, Аԥсны акультураҿы аҵабыргхаҭа», — лҳәеит лара.

2026 шықәсазтәи апленер алахәылацәа русумҭақәа ӡыргахоит жьҭаара 23 рзы ААУ ахолл аҿы.
Арт-пленер аԥҵаҩцәа — Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет, Жәларбжьаратәи асахьаҭыхыҩцәа рхеидкыла «Аԥсны-арт», Амилаҭтә сахьатә галереиа.