Аекспозициа аԥҵоуп аԥсуа литература аклассик Баграт Шьынқәба иҩымҭа амотивқәа рыла.
Лаҵарамзазы ацәыргақәҵа "Зыԥсадгьыл зцәыӡыз — зегьы ицәыӡуеит" мҩаԥган Амилаҭтә сахьатә галереиаҿы. Уи ашьҭахь, Анкара иҟоу ачерқьес уаажәларратә еиҿкаара ахаҭарнакцәа Ҭырқәтәыла иддырбарц ажәалагала ҟарҵеит.
Иааиуа амчыбжь азы Џьапуа иусумҭақәа рбара алшоит Ҭырқәтәыла аҳҭнықалақь аҿы. Анаҩс — Диузџьеи Сҭампыли рҟны.