Зыԥсҭазаара зегь аԥсуа театртә ҟазара иадызҳәалаз, Аԥсны жәлар рартист, зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩ, арежиссиор Валери Михаил-иԥа Ақаҩба 80 шықәса ихыҵит иахьа, ажьырныҳәа 26 рзы.
Аԥсуа театр аколлектив иирамш идырныҳәалоит: «Валери Ақаҩба Аԥсуа театр амаҵ азиуеижьҭеи 58 шықәса дынҭалеит. Актиор иаҳасабала асценахь ицәырҵыз артист ицәаҩа ҷыда даҽа хырхарҭак аҿы аҿиара шилшоз аанарԥшит. Адраматургьиатә гьама ҳаракы змоу арежиссиор ҳәа ззырҳәо Валери Михаил-иԥа, хыԥхьаӡара рацәала иаԥиҵаз ақәыргыламҭақәа рыхә ҳаракны ишьан Аԥсни Нхыҵ Кавкази, Урыстәылеи уҳәа рнаҩс, Европатәи атәылақәа жәпак рҿы. Зықәгылара ихнахыз ахәаԥшыҩцәа усҟан ирҳәон "Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵам, аха Аԥсуа театр азхаҵоуп" ҳәа.
Хымԥада ирацәоуп Валери Ақаҩба Аԥсуа театртә ҟазара аҿиараҿы илиршаз. Уи зыбзоуроу - иҟазшьа ҷыда, егьырҭ ирыламҩашьо ихатә знеишьа, аус гәыкԥсыкала анагӡара, ари зегь еибаркны измоу ибаҩхатәра уҳәа роуп.
Валери Ақаҩба хыԥхьаӡара рацәала иаԥиҵаз ақәыргыламҭақәа Аԥсуа театр арепертуар зырбеиауаз спектакльқәаны иаанхоит.
Амилаҭ культура аҿиараҿы злагала дуу аиубилиар Аԥсуа театр аколлектив иирамш идырныҳәалоит.
Агәабзиара, ашықәснҵыра рацәа, аманшәалара!»
Министерство культуры Республики Абхазия является центральным органом государственного управления, осуществляющим функции по выработке и реализации государственной политики в сфере культуры, искусства, историко-культурного наследия.