«Ҳаҭыр зқәу Сира Михаил-иԥҳа!
Аԥсны Аҳәынҭқарра Акультура Аминистрра гәык-ԥсыкала ишәыдырныҳәалоит шәиубилеи.
Шәыԥсҭазаара зегьы аԥсуа культура амаҵ азура иазкуп. Акыр шықәса инеиԥынкыланы шәара напхгара ашәҭоит аԥсуа культуразы акадрқәа зааӡо акультуратә хәышҭаара – Аҟәатәи аҳәынҭқарратә акультура ҵараиурҭа. Гәыкала шәус шәахьазыҟоу, шәгәыблыра зегь ахьадышәҵо иабзоураны, шәара ишәырҳаит аус шәыцызуо арҵаҩцәеи аҵаҩцәеи рҟынтә абзиабара, аҳаҭыр. Ахәшьара цәгьоуп шәџьабаа иахьа ҳмилаҭтә культура еиқәзырхо аҿар рааӡараҿы. Шәоужьҭымҭацәа иахьа аԥсуа культура амаҵ азыруеит еиуеиԥшым ансамбльқәа рҿы, еиқәдырхоит зқьы шықәса иргәылганы аԥсуа жәлар иаарго аҟазара.
Шәиубилеи шәыдныҳәало, ишәзеиӷьаҳшьоит агәабзиара, ашықәснҵыра рацәа, алшара дуқәа шәнапы злаку аус ду аҟны. Шьардаамҭа шәҳагымзааит!»