Woensdag, 01 Жьҭаара 2025 14:09

Алиса Гыцԥҳа IV лконкурс-лабораториа алахәхаразы азыҳәақәа рынашьҭра хыркәшоуп

Цәыббра 30 рзы иҟоу адыррақәа рыла аицлабра-лабораториа «Амузыка – бжьаӡарадеи ҳәаадеи аиҿцәажәара» алахәхаразы шәкы инареиҳаны рзаҳал нарышьҭхьеит.

«Ари аицлабра ԥшьынтәуп имҩаԥызгоижьҭеи, иагьгәасҭеит арзаҳалқәа реиҳарак аҵыхәтәантәи асааҭқәа рзы ишаауа. Уи зыхҟьо ҳаԥҟарақәа рыла авидео алхра ахьҭаху азы акәзар ҟалоит, ҳәарада, алахәылацәа ахаҭабзиара ҳарак змоу аҭаҩра аиқәыршәара рҽазыршәоит», — лҳәеит Аԥсны Жәлар рартист, Урыстәыла зҽаԥсазтәыз артист Алиса Гыцба.

Лара лажәақәа рыла, арзаҳалқәа рыдкылара цәыббра 30 асааҭ 23:59 рзы ихыркәшахеит, аха алахәылацәа иааиуа амшқәа рзы иазымхо адокументқәа раашьҭраз алшара рыҭахоит. Актәи атур аихшьаалақәа жьҭаара 5 иахымгакәа ирылаҳәахоит.

Алиса Гыцԥҳа еиҿылкаауа аицлабра-лабораториа ҩ-ҭыԥк рҿы имҩаԥысуеит – акы Аԥсны, егьи Москва. Аконцерт хада жьҭаара 23 рзы имҩаԥгахоит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҿы. Апроект анагӡара мҩаԥысуеит акультуратә ԥшьгарақәа рзы Урыстәыла ахада ифонди Аԥсны аиҳабыреи рыцхыраарала. Аицлабра иалахәылацәоуп Аԥсни Урыстәылеи рхаҭарнакцәа рыдагьы, Европеи Латинтәи Америка атәылақәеи рхаҭарнакцәагьы.

 

Read 300 times Last modified on Woensdag, 01 Жьҭаара 2025 14:12

АМИНИСТРРАЗЫ

Аԥсны Аҳәынҭқарра Акультура Аминистрра акультуреи, аҟазареи, аҭоурых-культуратә ҭыхна ахьчареи рус аҟны аҳәынҭқарратә политика аԥызҵо, насгьы иназыгӡо ихадоу ҳәынҭқарратә усбарҭоуп. 

АИМАДАРАҚӘА

Аҧсны Аҳәынҭқарра

384900, ақ. Аҟәа, Лакәаба им. 21

Аҭел: +7(840) 229-75-42.

E-mail: mc_ra@mail.ru