Афестиваль аҟәатәи ахәҭа аҟны иқәгылеит 250-ҩык артистцәа, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп Аԥсны еицырдыруа арҿиаратә коллективқәа: Аҳәынҭқарратә ашәаҳәареи акәашареи рансамбль, ахәыҷтәы ансамбльқәа «Абаза», «Аураашьа», «Кәыдры», «Афырҭын», авокал-инструменталтә ансамбль «Гәында» уҳәа убас егьырҭгьы.
Афиналистцәа ԥхынҷкәын мзазы Москва иқәгылоит, дара иранашьахоит аԥаратә ҳамҭақәа.
Сынтәа иара жәларбжьаратәи ҳәа ахьӡ аиуит. Апроект мҩаԥысуеит Урыстәыла ахада ифонд акультуратә хаԥшьгарақәеи «Росконцерт»-и Аԥсны Акультура аминистрра рыцхыраарала.