Аҧснытәи аҳәынҭқарратә хортә капелла

Аҧсны аҳәынҭқарратә хортә капелла еиҿкаан 1969 шықәсазы акомпозитор Чычба А. Ч. иаҧшьгарала. Иеиуеиҧшым аамҭақәа рзы акапелла адирижиорцәас иҟан Чычба А. Ч., Гәымба Р. Д., Аиба В., М., Дмитриак Г. А., Судаков В. А., Ҷанба Н. В.

1974 ш. Аҧсны акапелла асахьаркыратә напхгаҩыси дирижиор хадаси даҭан аҧсуа профессионалтә хортә музыка аҿиараҟны злагаламҭа дуу Москватәи адирижиор Судаков В. А. В. Судаков анапхгараҟны 10 шықәса иҟазаара аҩныҵҟала акапелла арепертуар ҭбаахоит. Уи иалалоит иеиуеиҧшым астильқәеи аамҭақәеи раҧҵамҭақәа – XVI-XVII ашә. ажәытә музыка Шуберт, Моцарт, Бетховен раҧҵамҭақәа инадыркны аҧснытәи акомпозиторцәа раҧҵамҭақәа, аҧсуа жәлар рашәақәа, ажәытә аҧсуа шәаҳәарақәа. В. Судаков инапхгарала акапелла аколлектив изныкымкәа гастроль ҳасабла ицахьан ҧасатәи Асовет Еигыла ақалақьқәеи ареспубликақәеи рахь, лымкаала ақлақьқәа Москва, Ленинград, Прибалтика ареспублика.

1996 ш. инаркны акапелла напхгара аиҭон П. И. Чаиковски ихьӡ зху Москватәи аконсерваториа аушьҭымҭаҩ Ҷанба Н. В.

1995 ш. инаркны акапелла асахьаркыратә напхгаҩыси дирижиор хадаси дыҟоуп Џьынџьалҧҳа Н. И. Аибашьра ашықәс хьанҭақәа раан лара акапелла дахагыланы имҩаҧылгаз аусура иабзоураны аколлектив аиқәырхара лылшоит. Иахьагьы ари аколлектив аҟазара ҳаракы ахәаҧшыҩцәа ирбартә аҭагылазаашьа ыҟоуп. Ахортә музыка Урыстәылазегьтәи афестиваль «Иҵәцалышу Алира» (Владимир ақ.) алауреат, аҟазара аҟазацәа рфестиваль «Кавказ аҭынчра» алауреат.

Акапелла апрограммаҟны иҟоуп Бетховен, Моцарт, Доницетти, Молотте, Франк, Гендель, Гуно, Каччини, Вивальди раҧҵамҭақәа реиҧш, аџьынџьтәылатә композиторцәа – А. Чычба, Р. Гәымба, Н. Ҷанба, Т. Аџьапуа, К. Ченгелиа, В. Царгәыш рырҿиамҭақәа, аҧсуа жәлар рашәақәа, VI ашә. иаҵанакуа аҧсуа қьырсиан шәаҳәарақәа, ақьабзтә ашәақәа, аурыс композиторцәа Рахманинов, Бортниански, Чесноков, Свиридов раҧҵамҭақәа. 

Last modified on Dinsdag, 31 Лаҵара 2022 11:51

АЖӘАБЖЬҚӘА РАРХИВ

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

Полезные ссылки

Амузеиқәа

Облако тэгов

АМИНИСТРРАЗЫ

Аԥсны Аҳәынҭқарра Акультура Аминистрра акультуреи, аҟазареи, аҭоурых-культуратә ҭыхна ахьчареи рус аҟны аҳәынҭқарратә политика аԥызҵо, насгьы иназыгӡо ихадоу ҳәынҭқарратә усбарҭоуп. 

АИМАДАРАҚӘА

Аҧсны Аҳәынҭқарра

384900, ақ. Аҟәа, Лакәаба им. 21

Аҭел: +7(840) 229-75-42.

E-mail: mc_ra@mail.ru

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me
© 2018-2024 Аҧсны Аҳәынҭқарра Акультура аминистрра || Министерство культуры Республики Абхазия ||
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых публицистических, аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя.

ВНИМАНИЕ !

На вашем аккаунте имеется задолженность ! 

Обслуживание и функционирование сайта www.minkult.apsny.land будет приостановлено 31 мая 2024г.

За дополнительной информацией обращайтесь к администратору сайта.