АЖӘАБЖЬҚӘА

Аҟәа иаатит асахьаҭыхҩы Џьанаи Жале лхатә цәыргақәҵа «Агәалашәаратә кәашара»

Аҟәа иаатит асахьаҭыхҩы Џьанаи Жале лхатә цәыргақәҵа «Агәалашәаратә кәашара»

Ахәыҷтәы ҟазара аҩны «Аинар» аҟны иаатит Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа диаспора ахаҭарнак Џьанаи Жале лсахьаҭыхымҭақәа рцәыргақәҵа «Агәалашәаратә кәашара». Ацәыргақәҵа 50-ҟа рҟынӡа еиуеиԥшым техникала иаԥҵоу аусумҭақәа еиднакылоит.

Асахьақәа зегьы Ҭырқәтәылантәи иаагоуп, урҭ рхыԥхьаӡараҟны иҟоуп сынтәа аԥхынразы ҷыдала Аҟәатәи ацәыргақәҵазы иаԥҵаз акварельтә сахьақәа.

«Сара ԥхьаҟагьы ас еиԥш ацәыргақәҵақәа рымҩаԥгара сгәы иҭоуп. Ари сара иысзгәакьоу акультура ауп, уи амаҵ аура сҭахуп», – лҳәеит Џьанаи Жале.

Асахьаҭыхҩы лцәыргақәҵа аартра лыдырныҳәаларц иааит лколлегацәа, лџьынџьуаа, акультура аусзуҩцәа, ауаажәларратә усзуҩцәа.

Ахәыҷтәы ҟазара аҩны «Аинар» анаԥхгаҩы Витали Кацәбеи асахьаҭыхҩы Уасил Мхонӡиеи асахьаҭыхҩы лыпрофессионализм ҳараки лхы иалырхәуа атехника рацәеи азгәарҭеит, инаҵшьны иазааҭгылеит аҭоурыхтә гәалашәара аиқәырхараҿы асахьаркыратә ҟазара иааннакыло аҭыԥ.

Апоет Геннади Аламиеи ҳџьынџьуаҩ Аҭаман Кәыџбаи ҳдиаспора ахаҭарнакцәа рҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь рыхынҳәра иамоу асимволикатә ҵакы иазхьаԥшит.

Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсуа культуратә центрқәа Рфедерациа апрезидент, 1992–1993 шықәсқәа рзтәи Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеран Иавуз Аҭрышба ас еиԥш иҟоу аҟазаратә проектқәа ҳдиаспораҿы еиҵагыло аҿар рыԥсадгьыли дареи реимадара ишацхраауа, ишарӷәӷәо, уи аус аҿы аҵак ду шамоу азгәеиҭеит.

Ахәыҷтәы ҟазара аҩны «Аинар» аҟны имҩаԥысуа ацәыргақәҵа «Агәалашәаратә кәашара» октиабр мза 1 рҟынӡа имҩаԥысуеит.