АЖӘАБЖЬҚӘА

Аиааира Амш шәыдаҳныҳәалоит!

Аиааира Амш шәыдаҳныҳәалоит!

Ҳаҭыр зқәу Аԥсны жәлар!

Аԥсны Аҳәынҭқарра Акультура Аминистрра гәык-ԥсыкала ишәыдырныҳәалоит ҳтәыла иреиҳаӡоу, иԥшьоу аныҳәа – Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымш!

1993 шықәса асентиабр 30 Аԥсны аҭоурых аҿы наунагӡа иаанхаз рыцхәуп. Ари амш аиашара аиааира, зқьышықәсала зыԥсадгьыл аҿы инхоз, зыдгьыл зшьала изкәабоз ҳажәлар ргәазыҳәара ӷәӷәа, ргәымшәара, ракзаара ирсимволуп. Зыԥсадгьыл ахақәиҭра зхы ақәызҵаз Аԥсны аҵеицәа, иара убас аԥсреи абзареи ҳанрыбжьагыла лакҩакрада нхыҵытә цхыраара иаҳзааз хатәгәаԥхарала аибашьцәа зегьы ргәалашәара аҿаԥхьа ҳхы лаҳарҟәуеит. Урҭ рфырхаҵара, ргәымшәара еиҵагыло абиԥарақәа рзы наунагӡа ҿырԥшыганы иаанхоит.

Ҳара иаҳуалԥшьоуп ҳабацәа, ҳабдуцәа рҭынха гәцаракрыла аиқәырхара, ҳҳәынҭқарра арӷәӷәара, ҳмилаҭтә культура арҿиара, аҭынч ԥсҭазаараҿы ҳаихьӡарақәа рыла Аԥсны ахьӡ-аԥша аизырҳара.

Ари аныҳәатә мшаҽны ҩнаҭацыԥхьаӡа, ҭаацәацыԥхьаӡа агәабзиара, анасыԥ, аманшәалара шәыгымзааит! Ҳ-Аԥсны ԥшӡа аҭынч жәҩан аҵаҟа ишәҭы-какаҷхааит, Ҳазшаз илаԥш хаа ахызааит!

Аиааира Амш шәыдаҳныҳәалоит!

Шьардаамҭа АԤСЫНРА!