АЖӘАБЖЬҚӘА

Аԥсуа ҳәынҭқарратә аҿар ртеатр Пермтәи атәылаҿацә аҿы имҩаԥгахо афестиваль иалахәхоит

Аԥсуа ҳәынҭқарратә аҿар ртеатр Пермтәи атәылаҿацә аҿы имҩаԥгахо афестиваль иалахәхоит

Аԥсуа ҳәынҭқарратә аҿар ртеатр Пермтәи атәылаҿацә аҿы имҩаԥгахо VIII Амилаҭбжьаратә театртә фестиваль «Сообщение» иалахәхоит.

Атеатр аспектакль «Антигона» ықәнаргылоит жьҭаара 18 рзы.

Актиорцәа Кудымкар ақалақь иаҭаауеит Горки ихьӡ зху амилаҭтә драмтеатр Коми-Пермтәи амилаҭтә орден «Аҳаҭыртә дырга» ааԥхьарала.

VIII Амилаҭбжьаратә театртә фестиваль «Сообщение» мҩаԥгахоит Горки ихьӡ зху Коми-Пермтәи амилаҭтә драматә театр аҟны, жьҭаара 16-23 рзы.