Жәларбжьаратәи атеатртә фестиваль «Аҳҭны-қалақьқәа хԥа» Аԥсуа драматә театр аҿы жьҭаарамза 19, 20 рзы имҩаԥысраны иҟоуп.
Аҟәа ақалақь аҿы х-республикак рҟынтәи – Аԥсны, Аахыҵ Уаԥстәыла, Нхыҵ Уаԥстәыла – атеатртә коллективқәа ахәаԥшцәа ирыдыргалоит Булгаков ирҿиамҭақәа рсценатә интерпретациақәа:
Аԥсуа театр ахәаԥшцәа ирыднагалоит Мадина Аргәын лықәыргыламҭа «Китаитәи аҭоурых» жьҭаарамза 19, асааҭ 19:00 рзы;
Аахыҵ-Уаԥстәылатәи атеатр – Георги Валиев иқәыргыламҭа «Ала агәы» жьҭаарамза 20, асааҭ 17:00 рзы;
Нхыҵ-Уаԥстәылатәи акамертә театр ШКИТ ахәаԥшцәа ирыднагалоит Андреи Кокоев иқәиргылаз «Атеатртә роман» жьҭаарамза 20, асааҭ 19:00 рзы.
Иара убас, атеатр афоие аҟны атеатр артистцәа русумҭақәа рцәыргақәҵа мҩаԥгахоит.
Афестиваль Урыстәыла атеатртә усзуҩцәа Реидгыла ашьақәгылара 150 шықәса ахыҵреи Михаил Булгаков диижьҭеи 135 шықәса аҵреи ирызкуп. Уи мҩаԥысуеит х-қалақьк рҿы — Аҟәа, Цхьынвал, Владикавказ — жьҭаарамза 19 инаркны 27 рҟынӡа.