Апроект "Россия – Абхазия: музыкальный диалог вне времени и расстояния" хацыркхоит Пицунда цәыббра 17 рзы.
Пицундатәи ауахәамаҿы цәыббра 17, 18 рзы имҩаԥгахоит аконцертқәа, урҭ сценак аҿы еиднакылоит амузыкарҳәаҩцәа – Аԥсни Липецки рҟынтәи жәларбжьаратәи аицлабрақәа рлауреатцәа.
Апрограммаҿы – адунеи аҿы еицырдыруа акомпозиторцәа – Бах, Каччини, Штраус уҳәа рырҿиамҭақәа, иара убас аԥсуа жәлар рмелодиақәа.
2027 шықәса нанҳәамзанӡа апроект еиднакылараны иҟоуп 150-ҩык инареиҳаны амузыкарҳәаҩцәа, имҩаԥгахоит аиҭныԥсахларатә гастрольқәа, аҟаза -иклассқәа, аицықәгыларақәа, арҿиаратә еиԥыларақәа. Апрограмма нагӡахоит акультуратә аԥшьгарақәа рзы Урыстәыла ахада ифонд ацхыраарала.