XX ашә. ҩынҩажәатәи ашықәсқәа рзы аҧсуа фольклор аиқәырхареи апропаганда азуреи хықәкыс иҟаҵаны иаҧҵан жәлар рырҿиара ацентр. 1954 ш. инаркны 1970 шш. Жәлар рырҿиара аҩны напхгара аиҭон иналукааша акультура аусзуҩы И. Е. Кортуа. Уи инапхгарала иеизган ишәҟәқәа «Аҧсуа жәлар рашәақәеи рҳәамҭақәеи», «Аҧсуа шәақәеи амузыкатә инструментқәеи», «Акыршықәса зхыҵуа Аҧсны иқәынхо ауаа», «Аҧсуа шәақәа ашколхәыҷқәа рзы» уҳәа уб егь. шьаҭас ироуз афольклортә материал ду. Уи иаҧшьгарала иаҧҵан иеицырдыруа абыргцәа рансамбль «Нарҭаа». 1970 ш. инаркны 1982 шш.-нӡа Жәлар рырҿиара аҩны аҩны дахагылан акомпозитор Кә. А. Ченгелиа. 1982 ш. Жәлар рырҿиара аҩныи Жәлар рырҿиара ареспубликатә центри акультура-ҵаралашаратә усуреи ҳәа еиҭашьақәыргылан. Уи еиҳабыс дҟаҵан Москватәи аҳәынҭқарратә акультура аинститут аушьҭымҭа К. Н. Бганба. 1986 ш. ацентр напхгара аиҭоит атеатртә институт аушьҭымҭа Кәарҷиа Н. Е. 1994 г.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Акультура Аминистрра акультуреи, аҟазареи, аҭоурых-культуратә ҭыхна ахьчареи рус аҟны аҳәынҭқарратә политика аԥызҵо, насгьы иназыгӡо ихадоу ҳәынҭқарратә усбарҭоуп.