Диит ииун 25, 1965 шықәсазы Аҟәа ақалақь. 1979 шықәсазы далгеит а-10-тәи Аҟәатәи абжьаратә школ. Ашкол аҟны иҵара нхиркәша, ииӡбеит иҭаацәараҟны итрадициахаз аус анагӡара - дҭалоит акультура-ҵаралашаратә ҵараиурҭа, ибзиангьы ихиркәшоит 1982 шықәсазы. Иара уи ашықәс азы дҭалоит Москватәи аҳәынҭқарратә акультура аинститут. Актәи акурс анхиркәша, аррамаҵурахьы иԥхьоит. Арра дахысуанаҵ, далахәын Москватәи арратә ансамбль «Аеҵәа ҟаԥшь» («Краснаиа звезда»).
Аинститут даналга, 1988 шықәсазы Р. Бебиа Аԥсныҟа дхынҳәуеит, далагоит аусура ансамбль «Шьараҭын» аҟны балетмеистерс.
1992-1993 шықәсқәа рзы Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан иабџьар шьҭыхны ҳаԥсадгьыл ахьчаҩцәа дрывагылеит, деибашьуан абатальон «Шьараҭын» аҟны.
Ҳаамҭазы Леон Иорден занашьоу Е. Бебиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә акәашаратә ансамбль »Шьараҭын» асахьаркыратә напхгаҩы, абалетмеистер хада ҳәа дыҟоуп.
1997 шықәсазы Урыстәылатәи аҳәынҭқарратә концерттә компаниа «Содружество» (Урыстәыла акультура аминистрра иаҵанакуаз) астипендиат ҳәа дыҟан.
2007 шықәсазы Чечентәылатәи Ареспублика Ахада иусԥҟала ихҵан ахьӡ ҳаракы «Чечентәылатәи Ареспублика зҽаԥсазтәыз аҟазара аусзуҩ».
2009 шықәсазы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада иусԥҟала ихҵан ахьӡ «Аԥсны Аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз артист».
Ииун 14, 2015 шықәсазы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада иусԥҟа № 194 инақәыршәаны ихҵан ахьӡ ҳаракы «Аԥсны жәлар артист».
Сентиабр мза 2015 шықәсазы ихҵан ахьӡ «Аахыҵ Уаԥстәылатәи Ареспублика зҽаԥсазтәыз артист».
2016 шықәсазы ианашьан ахьӡ «Адыгатәылатәи Ареспублика зҽаԥсазтәыз аҟазара аусзуҩ».