Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аспектакль "Аҽацә лас" ықәдыргылараны иҟоуп (акиносценари - Даур Занҭариа).
Арежиссиор-ақәыргылаҩ иҳәеит аспектакль асиужет ҵаҵӷәыс ишазыҟоу ХХ ашәышықәсазы аҭыԥ змаз ахҭыс.
"Платон Шьаҟрыл иҩызцәеи иареи рҽазыршәон раԥхьатәи аԥсуа драматә театр аартра. Атеатр аадыртит, аспектакльгьы ықәдыргылеит, аха трагедиала ихыркәшахеит. Избанзар аспектакль афырхаҵа хада дыршьыҵәҟьеит. Аӡәы ашәақь еиҵаз апатрона ҭеиҵеит. Платон Шьаҟрыл ҭоуба иуит уаҳа ахааназ атеатр аҿы аус шимуа ҳәа, иагьимуит", - иҳәеит Ақаҩба.
Иара иҳәеит аспектакль "Аҽацә лас" (Быстрый олень) ақәыргылара аԥаразоужьра азҵаара макьаназ ишыӡбам.
Ажьырныҳәа 18 рзы Аԥсуа драматә театр ахаҭарнакцәа зегьы алархәны аилатәара мҩаԥган, уаҟа анапхгареи артистцәеи ԥхьаҟатәи рыгәҭакқәа ирылацәажәеит.