Динара Смыр далахәын Дырмит Гәлиа ибаҟа аҿаԥхьа ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа

Иахьа Р. Гәымба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониа ашҭаҿы имҩаԥысит аԥсуа литература апатриарх Дырмит Гәлиа ибаҟа аҿаԥхьа ашәшьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа.

Аԥсуа шәҟәыҩҩы игәалашәаразы абаҟахьы имҩахыҵит аминистррақәеи аусбарҭақәеи рнапхгаҩцәа, аҟазаратә, анаукатә интеллигенциа рхаҭарнакцәа.

«Иахьа ишьахәу рыцхәуп – диит ауаҩы, зыда аԥсуа бызшәа, акультура, алитература, атеатр рыӡбахәа алацәажәара уадаҩу. Дырмит Гәлиа аԥсуа жәлар зегьы рзы, ҳҵарадырра, ҳкультура рзы длашарбаган дҟалеит. Иахьа ихьӡала ҳтәыла аӡыргара алшара ҳамоуп. Уи убысҟак аҵак ду амоуп, ашәышықәсақәа ҵыргьы,  ҳажәлар уи ауаҩ иҿаԥхьа ихырхәалоит. Акыр шықәса инеиԥынкыланы Дырмит Гәлиа илитературатә-мемориалтә музеи аҟны ари амш ҷыдала иазгәаҳҭон. Аха иахьатәи аҭагылазаашьа уадаҩ азгәаҭаны, аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа рымҽхак ҳармаҷуеит», – лҳәеит Дырмит  Гәлиа илитературатә-мемориалтә музеи адиреқтор Светлана Қәарсаиаԥҳа.

Аԥсны жәлар рпоет, аԥсуа ҩыра ашьаҭаркҩы Дырмит Гәлиа диит февраль 21, 1874 шықәсазы Гәылрыԥшь араион Уарча ақыҭан.

АЖӘАБЖЬҚӘА РАРХИВ

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

Полезные ссылки

Амузеиқәа

Облако тэгов

АМИНИСТРРАЗЫ

Аԥсны Аҳәынҭқарра Акультура Аминистрра акультуреи, аҟазареи, аҭоурых-культуратә ҭыхна ахьчареи рус аҟны аҳәынҭқарратә политика аԥызҵо, насгьы иназыгӡо ихадоу ҳәынҭқарратә усбарҭоуп. 

АИМАДАРАҚӘА

Аҧсны Аҳәынҭқарра

384900, ақ. Аҟәа, Лакәаба им. 21

Аҭел: +7(840) 229-75-42.

E-mail: mc_ra@mail.ru

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me
© 2018-2024 Аҧсны Аҳәынҭқарра Акультура аминистрра || Министерство культуры Республики Абхазия ||
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых публицистических, аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя.

ВНИМАНИЕ !

На вашем аккаунте имеется задолженность ! 

Обслуживание и функционирование сайта www.minkult.apsny.land будет приостановлено 31 мая 2024г.

За дополнительной информацией обращайтесь к администратору сайта.