Кьасоу Ҳагба Аԥсны Жәлар рартист ҳәа ахьӡ ихҵоуп

Аԥсуа милаҭтә театртә ҟазара аҿиараҟны иҟаиҵаз алагала ду азы "Аԥсны Жәлар рартист" ҳәа ахьӡ ҳарак ихҵоуп актиор Кьасоу Ҳагба. Абри азы аусԥҟа инапы аҵаиҩит Атәыла ахада Аслан Бжьаниа.
Кьасоу Ҳагба - ататри акинои рактиор, диит 1950 шықәса жьҭаара 24 азы Гәдоуҭа араион Дәрыԥшь ақыҭан. 1999-2000 шықәсқәа рзы Аԥсны акультура министрс дыҟан. 2002 шықәсазы Жәлар Реизарахь депутатс далхын.
Ҳагба асценаҟны инаигӡахьоу арольқәа 15 иреиҳауп, иаҳҳәозар Фазиль Искандер иҩымҭа "Махаз" иалху аспектакль, Азиз Агрба иқәыргыламҭаҟны Аԥсҳа Леон ироль наигӡон, Гальдони иҩымҭала "Кьоџьаа рҭыӡшәа" аҟны аӡбаҩ Исидоро ироль.

АЖӘАБЖЬҚӘА РАРХИВ

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

Полезные ссылки

Амузеиқәа

Облако тэгов

АМИНИСТРРАЗЫ

Аԥсны Аҳәынҭқарра Акультура Аминистрра акультуреи, аҟазареи, аҭоурых-культуратә ҭыхна ахьчареи рус аҟны аҳәынҭқарратә политика аԥызҵо, насгьы иназыгӡо ихадоу ҳәынҭқарратә усбарҭоуп. 

АИМАДАРАҚӘА

Аҧсны Аҳәынҭқарра

384900, ақ. Аҟәа, Лакәаба им. 21

Аҭел: +7(840) 229-75-42.

E-mail: mc_ra@mail.ru