Иаалырҟьаны Живка Попович лыҧшәма идыргалеит аминистр иҭып. Ааи, араҟа иҟоуп ари зегьы иашьцылам аҧҳәыс лхы еилазгаша. Лара илызцәырҵит: ахамабзиара, аџьашьахәра, аҧсымҭәра, ашьыцра, азымчҳара.
Акомедиа афырҧҳәыс иаалырҟьаны леиҭақра ирыдҳәалоуп ацәгьаршра.
Арежиссиор-ақәыргылаҩ, Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Есма Џьниа-ԥҳа иазгәалҭеит:
«Апремиера аҽны арежиссиор цәгьа игәы хыҭ-хыҭуеит, уи иҭагылазаашьа маҷк иҽеимзар ҟалап, уи инаиҷыданы ахәаԥшҩы иҭагылазаашьа еиҳа еиӷьуп, уи игәы каршәны, игәы раҳаҭны аартра ҿыцқәа, аџьашьахәы, асиужет еиқәҳәаларҭақәа дрызԥшуп. Арежиссиор ицәаныррақәа даҽакуп. Сара сгәаанагарала, асиужет ахаҭа еилкаауп, ахьтәы ԥсыӡ иазку еицырдыруа алакә аҟны еиԥш, аџьашьахәқәа аԥсҭазаараҟны зны-зынла аҭыԥ рымоуп, аха уи хдыррала уазнеироуп. Ари сербтәи асиужет ҳаргьы иаҳзааигәоуп, избанзар Сербиагьы идуум ҳәынҭқарроуп, уаҟатәи апровинциатә қалақьқәа рыпроблемақәеи ҳара ҳапроблемақәеи еизааигәоуп. Ҳара иқәҳаргылаз аспектакль аҟны иацаҳҵеит маҷк еиҳаны аексцентрика, афарс, ацирк».
Ахәаԥшцәа гәахәарыла ирыдыркылеит акостиум шьахәқәа, адекорациақәа, актиорцәа рыхәмарра, напеинҟьаралагьы инаскьаргеит.
Иахьа апремиера аҩбатәи амш ауп. Ибжьашәмыжьын!