«Ҳаҭыр зқәу Лаша Нугзар-иԥа!
Аԥсны Аҳәынҭқарра Акультура Аминистрра ахьӡала гәык-ԥсыкала ишәыдысныҳәалоит Аԥсны Жәлар Реизара хантәаҩыс шәалхра. Уи аҭакԥхықәра ду шәыднаҵоит. Агәра згоит, шәԥышәеи, шәдырреи, шәҟазшьа аҷыдарақәеи шәхы иархәаны, шәымч-шәылша шәшамеигӡо ҳҳәынҭқарра хәарҭа злоу азҵаарақәа рыӡбараҟны.
Ишәзеиӷьасшьоит аманшәалара ажәлар рымаҵ аура аус аҟны, аихьӡарақәа имариам аҳәынҭқарратә маҵураҟны».